▫️ Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, аҿиареи рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны Ахеилак аԥҵара. Уи азкхоит аҳәынҭқарратә бызшәа аларҵәара азҵаарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә ахылаԥшра ҷыда рыҭара.
▫️ Амилаҭтә проектқәа. Нап рыдкылахоит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, аҿиареи, аӡыргареи ирызкыу амилаҭтә проектқәа.
▫️ Зымҽхак ҭбаау аконференциа. Имҩаԥгахоит зымҽхак ҭбаау, аԥсуа ҵарауаа-абызшәаҭҵааҩцәа злахәу аконференциа. Уи азкхоит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала арҿиареи, ахархәареи рзы астратегиатә мҩақәа рышьақәыргылара. Уи аиҿкааразы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аиҳабыра адҵа риҭеит.
▫️ Аԥсуа ҭҵааратә институт адгылара аҭара. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адгылара аҭахоит аетнографиеи, афольклоритсика рхырхарҭақәа рыла аҭҵаарадырратә материалқәа реидкылараҿы.
•••
АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ахаша, 28 Жьҭаара 2026 10:23
Ахада аԥсуа бызшәа аҿиара иазкны аиҳабыра ахаҭарнакцәеи аҵарауааи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит
Икьыԥхьуп
Новости