АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 28 Хәажәкыр 2026 10:45

Гәынба Бадра Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №1 даҭааит

Ахада иазгәеиҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа аҵаратә усбарҭақәа рҭагылазаашьазы адырра шиоуло.    Ҷыдала, Гәынба Бадра адырра ирҭахьан акласстә уадақәа рзымхара шыҟоу, иара убас ашкол акорпусқәа руак аиҭашьақәыргылара шаҭаху.  

Ахыбра дахәаԥшны Гәынба Бадра арҵаҩцәа реилазаара адырра риҭеит акорпус аиҭашьақәыргаларазы аӡбамҭа шидикылаз азы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркхоит аԥенџьырқәа рыԥсахрала. Ахада идҵала егьырҭ ахырхарҭақәа зегьы рзы аргылаҩцәа апроект-харџьынҵатә документациақәа рышьақәыргылара иалагахьеит.   

Ахада иазгәеиҭеит аҭоурых ду змоу, имаҷымкәа абиԥарақәа зааӡахьоу ари ҵараиурҭа аусуразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы шаԥҵахо. Аҳәынҭқарра Ахадеи арҵаҩратә еилазаареи реиԥылараҟны арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабаазы.

«Атәыла анапхгара иадуп ганрацәалатәи адгылара шәыҭара, ахәыҷқәа ҳаамҭа иақәшәо ашкол аҟны аҵара дырҵаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

 Анаҩс, Ахада игәеиҭеит Гәдоуҭа ақ. агаҿаҟны ицо аусурақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада агаҿа дықәсны ибеит аусура ацашьа агәаҭаразы.

Read 3 times
aps25