АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 28 Хәажәкыр 2026 10:25

Гәынба Бадреи Бигәаа Беслани Лыхны ақыҭан иҟоу аҽҭра иаҭааны ирбеит

Аҽҭраҟны иҟоуп еиуеиԥшым ашьа злоу 30 ҽы. Ара еиуеиԥшым аспорт хкқәа рыла Аԥсны ачемпионат аҟны ақыҭа ахьӡ ҭызго Лыхны ақыҭа акоманда аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҽқәа рхылаԥшразы аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу.

Гәынба Бадра дазааҭгыланы иҳәеит аҽааӡара атрадициа иамоу аҵакы, аԥсуаа рыԥсҭазаареи  рыбзазареи рыҟны жәытә-натә аахыс аҽқәа аҭыԥ ҷыда шааныркылоз. Ари аҩыза азыҟазаашьа аиқәырхара шалшаз Асовет аамҭазгьы, иахьа уи ацҵара акыр шаҵанакуа. Гәынба Бадра ақыҭауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит хӡыӡаарала, ҳаҭырқәҵарыла  ас еиԥш иҟоу аҭынха иахьазнеиуазы.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас адырра ҟаиҵеит Аԥсны аклиникақәа рыҟны имҩаԥырго аветеринартә лабороториатә ҭҵаарақәа рылҵшәа азхаҵара азҵаара урыстәылатәи аколлегацәа рақәшаҳаҭразы аилацәажәарақәа шцо. Уи аҽқәа аҳәаа рахыгареи Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥысуа аицлабра дуқәа рыҽрылархәреи рзы аҭагылазаашьа еиҳа иармариоит.

Read 3 times
aps25