▫️ Иахьа Лыхны ақыҭан ашьапылампыл асразы имаҷу адәы ҿыц аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
▫️ Аҳәынҭқарра ахада иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭақәа рҿы ҳаамҭазтәи аспорттә инфраструктура аԥҵара хықәкы хадас ишыҟоу.
▫️ «Аҳәынҭқарра Ахада ара иҟазаара иаанаго ақыҭа аҿиара аԥыжәара аҭареи аҿар рынхарҭа ҭыԥқәа аанырмыжьырц азы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи роуп. Ҳазҭоу ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп ҳатрадициақәеи, ҳҵасқәеи, ҳкультуреи ахьеиқәхо ҳқыҭақәа рыдгылара хықәкыс иҟаҵаны. Ақыҭа еиқәхар, иеиқәхоит ҳажәлар, иуникалтәу ҳбызшәа, ҳҳәынҭқарра. Ҳара ари аусура иамоу аҵакы еилаҳкаауеит аҟнытә ақыҭақәа ҿиаразы аԥхьаҟа иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит», — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба Бадра.
▫️ Аобиект аргылара хацыркын 2025 шықәса лаҵарамзазы усутә ныҟәарала Аҳәынҭқарра ахада ақыҭа иаҭаара ашьҭахь иҟаҵаз анапынҵала. Апроект анагӡара ареспублика ахарџь ала имҩаԥысуан.
▫️ Гәдоуҭа араион ахь усутә ныҟәарала иаҭараан Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала аусурақәа рымҩаԥысшьа хылаԥшра аиҭон. 800 м2 зҵазкуа аҵакыра ашьаҭа азырхианы, иԥсабаратәым ашьацыркыра шьҭаҵоуп, алашаратә системақәеи ахкаареи ықәыргылоуп.
▫️ Аусурақәа раан Ахада иҟаиҵаз анапынҵала ашьапылампыл асразы адәы ҿыц арманшәалареи ашәарҭадареи реизырҳаразы апроект иацҵоуп — уи иалҵшәаны аобиект аҿы еиҿкаауп 150 ҭыԥ змоу х-еихагылакны иҟоу атрибунақәа, ахьчагатә ҿхыб аҭаны.