Аԥсны Ахада Гәынба Бадра даҭааит Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Аҟармаҵыс". Ахәыҷбаҳчаҟны ахәыҷқәа рымчала Миха Лакрба иаԥҵамҭақәа ирылхны ақәыргыламҭақәа дырбан.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба 150 ш. ихыҵра инамаданы.
Аԥсны Аҵара аминистрреи Аҟәа ақалақь администрациа аҵара аҟәшеи раԥшьгамҭала ақалақь ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа рыҟны имҩаԥысуеит иеицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы иновеллақәа ирызку иаарту азыҟаҵарақәа.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит иеизҳауа абиԥарақәа рааӡара аус аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегьы ишреиҳау. Убри аҟынтә аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ааԥхьара аниоу, иусуратә аамҭа аграфик ԥсахны ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәа дырҭааит.
Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи амилаҭтә культура аиқәырхареи ахәыҷқәа рхатә литература абзиабара дыркреи пус аҟны рлагаламҭазы.
Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынбеи ахәыҷбаҳча аусзуцәеи Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ашколқәранӡатәи аҵараиура иаиҭо азҿлымҳаразы. Иазгәаҭан, аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ахәыҷбаҳча иаҭаара ааӡамҭацәа рџьабаа ахә бзианы ашьара ишазҳәоуп, аԥхьаҟа рзанааҭтә усура ргәы азҭазҵо ак акәны ишыҟало.