▫️ Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иаԥҵоу агәыԥ алахәцәеи иареи русуратә еиԥылараан далацәажәеит Пицундеи Афон ҿыци ақалақьқәа рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи рыстатус аиӷьтәра иазырхоу ажәалагалақәа.
▫️ Аиԥылара ҵаҵӷәыс иаиуит ааигәа Пицунда Ақалақь аизара адепутатцәа адецентрализациеи афинанстә хьыԥшымреи рызҵааразы иҟарҵаз ааԥхьара. 2015 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны абиуџьеттә шьақәгылашьеи абиуџьеттә процесси рышьаҭақәа рзы» азакәан ҿыц амч аиуаанӡа арҭ ақалақьқәа ирыман аҭыԥантәи рхатәы биуџьетқәа. Аха ареформа ашьҭахь рфинанстә статус аҳаблеи ақыҭеи рыҩаӡараҟынӡа илбааган.
▫️Адепутатцәа раԥшьгара дахәаԥшны, аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба инапхгарала аусуратә гәыԥ аԥҵаразы аӡбамҭа идикылеит.