АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 21 Хәажәкыр 2026 14:33

Аԥсны Ахада Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

"Гәалсра дула исыдыскылеит абаҩхатәра ду злаз, ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра.

Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра аԥсуа литературеи аҭҵаарадырреи рзы цәыӡ дуны иҟалеит. Уи алитератор иаҳасаб ала зегьы иеицгәарҭахьаз ибаҩхатәра инаваргыланы, иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩын; Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент актәи ааԥхьара адепутатс дыҟан, шықәсарацәала иеиуеиԥшым аҳәынҭқарратә напхгаратә маҵзурақәа рыҟны аус иухьан, журналист дуун, иԥсҭазаара зегьы ижәлар рымаҵ ауреи амилаҭтә культура аҿиареи ирызкын.

Ааигәа иареи сареи ҳаиқәшәеит. Ҳрылацәажәеит игәы иҵхоз азҵаарақәа жәпакы. Владимир Занҭариа ҷыдала аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа, уи аиқәырхара азҵаара гәыҵхас иман. Ҳрылацәажәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы иҟоу амҩақәа, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит, уи инамаданы аԥхьаҟатәи апланқәа ҳарзааҭгылеит. Ари аиԥылара аԥхарра зҵаз агәалашәарақәа сзыннажьит.

Гәык-ԥсык ала срыдышшылоит Владимир Занҭариа иуацәеи иҭынхацәеи».

Read 6 times
aps25