АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 20 Хәажәкыр 2026 19:20

Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала еиҿкаауп аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра ҿыц «Алаҳаш-абаа»

Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала еиҿкаауп аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра ҿыц «Алаҳаш-абаа» ▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа Рсиа аԥсахрақәа ралагаларазы» рзы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. ▫️ Атәыла Ахада идикылаз азыӡбала аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа рсиа харҭәаауп аобиект ҿыц — Маркулатәи аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра «Абаа Алаҳаш-абаа » ала. ▫️ Аҳәырԥсарра Алаҳаш аҳаблан Маркула аӡиас армарахьтәи аԥшаҳәа ахәҟьаҟьара ҳарак аҿы ишьҭоуп. Аобиект абаҟақәа ркомплекс иалоуп: ▫️ Алаҳаш-абаа абааш (ҳ.ҳ. III-XIV ашә.-қәа);  ▫️ Аныха (IV ашә., ҳ.ҳ. XIV–XV ашә-қәа.); ▫️ Менгир (анеолит, абжьарашәышықәса); ▫️ Аԥсыжырҭа (I ашә. ҳ.ҟ. – I ашә.ҳ.ҳ.);  ▫️ Афатә-ажәтә ашьҭаҵарҭа (III-VIII ашә.-қәа ҳ.ҳ.);  ▫️ Абаа аҭӡамцқәа (III–IV ашә. .-қәа ҳ.ҳ; XIV-XV ашә. .- қәа ҳ.ҳ); ▫️ Абаа (III–IV ашә.; XIV-XV ашә.); ▫️ Археологиатә культуратә ҿыгҳарақәеи аԥшаахқәеи (VIII ашә.ҳ. ҟ. – XV ашә.ҳ.ҳ.).
Read 9 times
aps25