АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 20 Хәажәкыр 2026 08:48

Ахада аԥсылманра ныҟәызго Аԥсны атәылауаа Ураза-Баирам рыдиныҳәалеит

 

Ҳаҭыр зқәу аԥсылманра ныҟәызго Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа!

Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсылман дунеи аҿы зегь реиҳа аҵакы змоу аныҳәақәа ируаку Ураза-Баирам!

Иҵаулоу адоуҳатә ҵакы змоу ари аныҳәа Рамадан иԥшьоу амза хнаркәшоит. Уи символра азнауеит ҩныҵҟала аҽрыцқьара, анцәахаҵара, агәшаҭара, арыцҳаибашьара арҿыхара, иреиӷьу аҵасқәа рықәныҟәара, агәылеимабзиара, аҳаҭыреиқәҵара ашьақәырӷәӷәара.

Аԥсны ианакәзаалакгьы еиқәырханы иааргон еиуеиԥшым адинхаҵарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара адинхаҵареи, аилибакаареи, ҳаҭырла аизыҟазаареи рытрадициақәа. Ари ҳуаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи, аизыразреи, акзаареи уасхырс ирзышьҭоу ауп.

Аԥсны аԥсылман еидгылара атәыла аҿиареи атәылауаҩратә еизыразра арӷәӷәареи рҿы алагала дууп.

  Ари аныҳәамш аҽны иара убас Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи егьырҭ аԥсылман тәылақәеи рҿы инхо ҳџьынџьуаа зегь рыхьӡала гәыблыла адныҳәаларақәа ҟасҵар сҭахуп.

Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа ­– аԥсылманцәа!

Ураза-Баирам аҽны шәыҩнаҭақәа рыҟны инеиааит ахирра, аԥхарра, анасыԥ. Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аԥеиԥш бзиа, шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа.

Ҽааныбзиала шәнеилааит!

Read 10 times Last modified on Ахәаша, 20 Хәажәкыр 2026 09:45
aps25