АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 16 Хәажәкыр 2026 13:12

Гәынба Бадра Санкт-Петербургынтә аделегациа идикылеит

иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аҟәа ақалақь ахада Агрба Ҭемыр, Санкт-Петербург иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә консул Бигәаа Владимир.

  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара Аԥсназы аҵак ду шамоу. Гәынба Бадра иара убас иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа аус рыцура иамоу аҵакы.

Аҳәынҭқарра ахада

инаҵшьны иазгәеиҭеит Санкт-Петербурги ҳареи ҳекономикатә еимадарақәеи ҳаизыҟазаашьақәеи иҭышәынтәаланы рыҿиара шымҩаԥысуа.

Ахада

иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербург аиҳабыреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект ҵыԥх ишалацәажәахьаз. Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәаиҭеит аԥсуа ган шазхиоу аусеицура арҿиара иацхраауа аиқәшаҳаҭра аҵаҩра.

Аҳәынҭқарра Ахада

иазгәеиҭеит ҵыԥх ихацыркыз Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара ишиашоу ицо ареис рхы ишадырхәаз жә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.

 "Ари, жәаҳәарада, ҳаимадарақәа шҭышәынтәалоу узырбо акоуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.

Аҳәынҭқарра ахада

иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов ҳтәыла иаиҭо адгыларазы. Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәаиҭеит ареспубликаҟны ахә ҳаракны ишыршьо Санкт-Петербург ауааԥсыреи ақалақьтә еиҳабыреи Аԥсны аганахьала иаадырԥшуа аԥхарразы.

Атәыла ахада

иара убас аделегациа ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа аҿиараҿы иҟарҵо ацхырааразы, есҽны ақалақьуааи аҳҭнықалақь асасцәеи мҩанызго иманшәалоу атроллеибус ҿыцқәа рыҭара атәы азгәаҭаны.

 Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков гәахәарыла иахьрыдыркылаз иҭабуп ҳәа ахҳәааны, Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов иҟынтә салам шааиҭыз иҳәеит.

Кирилл

Полиаков убри инацҵаны иҳәеит агубернатор Александр Беглов рашәарамза алагамҭазы Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵаразы иҟаиҵаз ажәалагала атәы.

Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ҵыԥх ишиашоу идәықәҵаз ареисқәа  ԥышәа бзианы ишыҟалаз, иҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа рдәықәҵаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа: лаҵарамза инаркны иазԥхьагәаҭоуп мчыбжьык ахь ҩынтә еиҵамкәа Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара ишиашоу ицо ареисқәа рдәықәҵара.

Иара убас далацәажәеит Санкт-Петербург Аԥсны аҳҭнықалақь ианаҭо адгылара атәы.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь ахь иаашьҭын атроллеибус ҿыцқәа, акоммуналтә маҵзурақәа рзы асабеизгага, ацхыраара ласы амашьына. Иара убас Гәдоуҭа араион иаҭан ашколтә автобус.

Уи иажәақәа рыла, аусеицура иацҵоуп аҵареи акультуреи рганахьалагьы. Ҷыдала, аҵараиурҭақәа реиҭашьақәыргылареи арҿыцрақәа ралаглаареи рзы апроектқәа ирыхәаԥшуеит. Санкт-Петербург аделегациа иара убас иазԥхьагәанаҭоит Аҟәатәи хырхарҭарацәалатәи аколлеџь аҭаара, иҟалар зылшо аиҭашьақәыргылара алацәажәаразы.

Агубернатор

ихаҭыԥуаҩ иара убас Александр Беглов ихьӡала аԥснытәи аушьҭымҭацәа-амедалистцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аныҳәа "Аԥра ҟаԥшьқәа" аҭааразы. Иазгәеиҭеит ахәыҷқәа рзы ишазырхиахо инарҭбааны апрограмма, уи иалнаршоит Санкт-Петербург имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә аҽалархәразы алшара рнаҭоит.

Санкт-Петербург иара убас иазхиоуп арра-патриоттә хәмарра "Зарница" иалахәхо  рыдкылара.

Аҵыхәтәаны

Кирилл Полиаков Санкт-Петербург агубернатор иҟнытә иҭабуп ахиҳәааит иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭеи сынтәатәи ашықәс алагамҭеи рзы ақалақь ахәыҷтәы усҳәарҭақәа рааӡамҭацәа рзы ирзышьҭаыз аԥсуа мандаринақәеи апатырқалқәеи рзы.

Read 11 times
aps25