АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 08 Хәажәкыр 2026 13:48

Гәынба Бадра Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәазы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәазы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

▫️ Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа – Март 8.

▫️ Аԥсны ахаангьы аԥҳәыс ҷыдала ҳаҭыр лықәын. Лара лакәын ахәышҭаара змырцәоз, аҭаацәара еидызкылоз.

▫️ Иахьатәи аныҳәамш лымкаала ирыдысныҳәаларц сҭахуп Аҧсны ахьчаҩцәа зааӡаз анацәа. Шәара шәоуп зыҧсадгьыл ахьчараз зхы иамеигӡаз ҳаибашьцәа ирылазааӡаз Аҧсадгьыл абзиабара.

▫️ Исҭахәуп лымкаала срыдныҳәаларц иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы зашьцәа ирыдгылан еибашьуаз аҳәса. Иҭабуп ҳаҧсадгьыл ахьчараз иаашәырҧшыз агәымшәараз!

▫️ Ҳаамҭазы аҳәса акрызҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы.

▫️ Шәара қәҿиарала аус жәуеит аҵараиура, агәабзиарахьчара, акультура, аҭҵаарадырра уҳәа ахырхарҭақәа зегьы рыҟны. Напхгара рышәҭоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа.

▫️ Акыр иаԥсоу аҳәса! Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ! Ишәыгымзааит ааԥынра иацу аԥшӡара, агәеизҳара, агәыцқьара.

▫️ Ҽааныбзиала шәнеилааит!

Read 18 times Last modified on Амҽыша, 08 Хәажәкыр 2026 17:11
aps25