АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 07 Хәажәкыр 2026 13:35

Ахада Каштак аҳабла даҭааит амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз анхарҭа ҭыԥқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы

 

Гәынба Бадра хаҭала имҩаԥигоз адкыларахь инеит Гәылрыԥшь араион Каштак аҳаблаҟны инхоз ауааԥсыра. Урҭ Ахада изеиҭарҳәеит амшцәгьақәа ирхырҟьаны зыҭра иҭыҵуа аӡиас анхарҭа ҭыԥкәа аԥырхага шырнаҭо, амҩақәа шыҿнаӡәӡәаауа.


Аҳәынҭқарра Ахада иӡбеит хаҭала аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ даҭаарц, Гәылрыԥшь араион Администрациа Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа ахаҭарнакцәа злахәу аилацәажәара мҩаԥигарц, аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҭаны аусурақәа нап адыркразы.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рыҟны мҽхакыҭбаала аусурақәа рымҩаԥгаразы.

Ахада идырбеит аусурақәа хәҭа-хәҭала рысхьема. Асхьема абас еиԥш иҟоу агәыԥқәа аҵанакуеит: аӡы зҭатәо амҩақәа рқәыршәра, урҭ рымҩахгара, абетонқәа ахьықәдырҭәо аҭыԥ хыхьтәи аӡҭатәарҭақәа раанкылара иацхраауа.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Гәылрыҧшь араион Администрациа русура ахаҭабзиара, изыхәҭоу аусбарҭақәа рыцхыраарала имҩаԥгоу атехникатә згәаҭақәа.


Аилацәажәара алҵшәақәа рыла Гәынба Бадра адҵа риҭеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа ахаҭарнакцәа иаарласны апроект-харџьынҵатә документациа шьақәыргыланы аусурақәа напы дыркразы.

Read 19 times Last modified on Амҽыша, 08 Хәажәкыр 2026 16:44
aps25