АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 05 Жәабран 2026 19:01

Гәынба Бадреи Андреи Назарови аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо Диоскуриа амшын аԥшаҳәа иаҭааит

.

 

Агәаҭарақәа ирылахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аҟәа ақалақь ахада Агрба Ҭемыр Башкорҭосҭан аделегациа алахәцәа.

Ҳазҭагылоу аамҭазы амшын аԥшаҳәаҟны аусурақәа цоит аԥшаҳәа ахҟьа рыцқьаны аиҭашьақәыргылара азырхиаразы.

Ахада иазгәеиҭеит, иааиуа аԥсшьара аамҭазы аҳҭнықалақь атәылауааи асасцәеи ирҿыцу, иеиҭашьақәыргылоу амшын аԥшаҳәаҟны аныҟәаразы алшара шроуа.

"Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны нап зырку аусурақәа - ҳтәылауаа рзеиԥш, ԥсшьара иаауа асасцәа рзы зеиӷьыҟам ауп. Ҳарҭ даара иаҳҭахуп урҭ рхыԥхьаӡараҟны Башкорҭосҭанынтәи ҳашьцәа еиҳа ирацәазарц», - иҳәеит Гәынба Бадра.

Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров иазгәеиҭеит арегион иадҳәалоу  аҭыԥқәа зегьы реиҭашьақәыргылара аҿҳәара иақәыршәаны ишхыркәшахо.

"Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Аԥсны асацәеи аԥсуаа рхаҭақәеи иахьырдыруа Башкорҭосҭан аиашьаратә ҳамҭа шыҟанаҵаз атәы",- иҳәеит Андреи Назаров.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҩ-ганкгьы реизыҟазаашьақәа ирымоу аҭоурыхтә ҵакы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы Башкорҭосҭани Аԥсни аицхыраареи адгылареи дазааҭгыло, иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Башкорҭосҭан иҟанаҵаз алагала ду, иара убас аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы башкириатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аквалификациатә кадрқәа разыҟаҵаразы иҟарҵаз ацхыраара атәы.

Аганқәа ирҳәеит абри аинфраструктуратә проект аԥхьаҟагьы агуманитартәии аекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.

Read 0 times Last modified on Аԥшьаша, 05 Жәабран 2026 19:03
aps25