Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи Башкорҭосҭан Ареспублика аԥыза-министр Андреи Назарови реиԥылара.
Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш аделегациа Аԥсныҟа аара гәахәала ишрыдыркылаз, ҩызцәа гәакьақәак раҳасаб ала ишырыԥхьаӡо, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аусхк аҟзы аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ареспубликақәа реизыҟазаашьақәа аҭоурых ду шамоу, иахьагьы урҭ аимадарақәа аҿиара ишаҿу.
«Ҳара иҳамоуп ҳзыхӡыӡаауа аҭоурых, ҳаимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны шықәсы рацәала аҿиара иаҿу. Гәахәароуп урҭ аимадарақәа есааира рымҽхак аҭбаахара иахьаҿу. Ҳара ҳганахь ала, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа рыҿиара ҳаигәырӷьоит, ҳгәы иаанагоит ҳажәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа реиқәырхара, рырҿиара алыршахап ҳәа», - азгәеиҭеит Гәынба Бадра.
Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров инаҵшьны иҳәеит акыршықәса раахыс Башкорҭосҭан Аԥсны ҩызара шазнауа. Иара иажәақәа рыла, ареспублика аинфраструктуратә проектқәа рылахәхара, ҷыдала, Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара акыршықәсатәи аиҩызара иалҵшәоуп. Андреи Назаров адырра ҟаиҵеит аобиект аҟны аусурақәа шхацыркхаз, аҩ-ганкгьы иазыԥцәоу аҿҳәара рыҽҭагӡаны аусурақәа шыхдыркәшо.
Иазгәасҭарц сҭахуп, шықәсқәак раахыс Башкорҭосҭани Аԥсни аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгареи Аԥсны анапхгареи ирыдыркылаз аӡбамҭоуп, Аԥсны адгьылҵакыраҟны Башкорҭосҭан иазгәаҭоу апроектқәа рынагӡара иалахәхоит, рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Диоскуриа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара, - ари ҳара ҳаиҩызара иахәҭакны иҟаҵоу шьаҿоуп. Ҳарҭ ҳамч-ҳалша зегьы адаҳҵоит иҳабжьоу аҳаҭырқәҵара иалкаау аекономмикатә лҵшәақәа рахь аиагаразы",-иҳәеит Андреи Назаров.
Андреи Назаров Башкорҭосҭан Ахада Радиа Хабиров иҟнытә Гәынба Бадра салам ииҭеит, иара убас ҳазҭоу ашықәс азы официалтә визвитла Башкорҭосҭанҟа ааԥхьара шииҭазгьы атәы иеиҳәеит.
Аганқәа рылацәажәеит аекономикатә усеицура азҵаарақәа, атауареикәыршара аизырҳареи, Уфеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аҳәаақәа рырҭбаара азҵаара аӡбареи, ари атәылауаа реиҿцаара аус иацхраауеит, иара убас егьырҭ ауаажәларратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҟны азеиԥш проектқәа рынагӡарагьы. Андреи Назаров иҳәеит аҳаиртә реисқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара дшазыхиоу агәыҳалалратәи аустәи еимадарақәа рырӷәӷәаразы.
Анаҩс Аԥсны анапхгареи Башкорҭосҭан аиҳабыреи аделгациеи злахәыз инеиҵыхыз аилатәара мҩаԥысит. Аԥсуа ган аҟынтә аизара иалахәын Ахада Гәынба Бадра, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Башкорҭосҭан Ареспублика аделегациа иалахәуп адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усзуреи рминистр Маргарита Болычева, аусбарҭа ахаҭарнак Олег Назаров, Башкорҭосҭан Ареспублика аинфраструктуратәи асоциалтәи проектқәеи рынагӡаразы Афонд адиректор хада Андреи Стариков.