АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 01 Жәабран 2026 23:19

Гәынба Бадра "Аԥсны-пресс" аколлектив амаҵзура аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

▫ ️ "Ҳаҭыр Зқәу Манана Михаил-Иԥҳа!

 

▫ ️ Ҳаҭыр зқәу «Аԥсныпресс» амаҵзура аколлектив!

 

▫️ Ишәыдысныҳәалоит ҳтәыла аинформациатә ресурс хадақәа руак аԥҵоижьҭеи 31 шықәса аҵра арыцхә.

 

▫ ️ Арҭ ашықәсқәа зегьы шәара Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа аашәырԥшуеит, ареспублика ҳаамҭазтәи аинформациатә ҵакыра ашьақәыргылараҿы шәлагала дууп. Зус ҭакԥхықәрала иазнеиуа ззанааҭдырра ҳараку аколлектив еидызкыло амаҵзура «Аԥсныпресс» аҳаҭыри агәрагареи ирыԥсоуп.

 

▫️ Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, иалышәхыз амҩа гәык-ԥсыкала азыҟазааразы, аусура аҳәынҭқарратә знеишьазы.

 

▫️ Амаҵзура иазеиӷьасшьоит ԥхьаҟатәи аҿиареи аихьӡара ҿыцқәеи, аусзуҩцәа зегьы — арҿиаратә гәацԥыҳәара, агәабзиара, аманшәалара».

 
Read 5 times Last modified on Амҽыша, 01 Жәабран 2026 23:21
aps25