Аицлабра ахәаԥшразы даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.
Иара убас ахәмарра иахәаԥшуеит Ахада ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-аминистр Делба Вдадимир, Жәлар Реизара Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҟәа ақалақь администрациа ахада Агрба Ҭемыр, аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Ахәмарра еиҿнакааит Аҧсны Ашьапылампылтә Федерациеи Амилаҭтә Шьапылампылтә Лигеи.