Ахәаша, 05 Ԥхынҷкәын 2025 20:07
Гәынба Бадра Гыцба Алиса лиубилеи лыдиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Гыцба Алиса лиубилеи лыдиныҳәалеит.
▫️ «Ҳаҭыр зқәу Алиса Шьалуа-иԥҳа!
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи!
▫️ Шәара шәбаҩхатәра ду, еицакра зқәым асценатә гәамч, аҟазарахь ишәымоу агәбылра акыр шықәса раахыс Аԥсни уи анҭыҵи ахәаԥшҩцәа хнахуеит. Шәара асценахь шәцәырҵра агәбылреи, ацәанырра ҳаракқәеи, аҟазара дуи рыла иҭәу хҭысны иҟалоит.
▫️ Шәара — ҳтәылеи ҳажәлари ззыгәду шәыруаӡәкуп. Акультура аҿиараҟны шәалагаламҭа аҵак ду амоуп, иҵаулоуп, аҳаҭырқәҵара ду иаԥсоуп.
▫️ Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, агәеизҳара, арҿиаратә гәазыҳәара. Шәызну арҿиаратә мҩаҟны шьаҿацыԥхьаӡа иацзааит анасыԥ, аихьӡарақәа ҿыцқәа, ахәаԥшҩцәа рыбзиабара».
Икьыԥхьуп
Новости