Аилацәажәара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Шамба Дмитри, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, АШӘА Ахантәаҩы Дбар Дмитри, Ақыҭанхамҩа аминистр, Аҳәынҭқарратә ҳазалахратә еилакы, Аҳәынҭстандарт, акарантинтә инспекциа, Аҳәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит анхацәа ацитрустә ҽаҩра аҭира аамҭа ишазыԥшу, уи иахҭныҵуа рҭаацәа аланыҟәыргарц. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу уснагӡатәқәаны иҟоуп излауала урҭ ацхыраара рыҭара. Аха Ахада иаҵшьны иҳәеит анхацәа феидала, дара ишырҭаху ртовар аҭиразы аҳәааҟны ауадаҩрақәа шрызцәырҵуа.
«Иахьатәи аилацәажәара хықәкыс иамоуп аҭагылазаашьа аиӷьтәразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рыхцәажәара», — иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарратә ҳазалахратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Лабахәуа Алиас адырра ҟаиҵеит сынтәа 35 нызқь тонн инарзынаԥшуа аҽаҩра шыҟало азы, ари ҵыԥхтәи ашықәс азы (38,5 нызқь тонн) аасҭа маҷк ишеиҵоу.
Уи иажәақәа рыла, еиҳа лыҵшәа аманы аусеицуразы ацитрустәқәа рекспорт иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы урыстәылатәи аколлегацәа алархәны аилацәажәарақәа жәпакы шазԥхьагәаҭоу.
Аҳәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгаҩы Мерцхәылаа Тамила аилацәажәара иалахәыз адырра рылҭеит ААП ацитрустә ҽаҩра аҭиразы анаплакҩцәа ацхыраара рыҭаразы имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа ртәы.
Имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы иалацәажәеит иара убас Астандартқәеи, ахархәаратәи, атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Сангәлиа Нарсоу, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Сарибекиан Артуш, Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҵәыџьба Омар.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан иазгәеиҭеит анхацәа аҳәынҭқарратә ҳәааҟны официалла ишьақәыргылоу ашәатәқәа иреиҳаны ашәара шыддыршәо.
Аилацәажәара аихшьала ҟаҵо, Ахада иҳәеит:
«Анхацәеи егьырҭ аекспортмҩангаҩцәеи аҳәааҟны «иофициалтәым» ашәатәқәа аныршәоз аамҭақәа ииасроуп. Аҳазалахратә еилакы, аҳәынҭстандарт, аҵиаақәа ринспекциа аусзуҩцәа ашәатәқәа Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз аҳәаа иҭагӡаны илырхлароуп, арахь Аҳәаахьчаратә маҵзурақәагьы налаҵаны.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адҵа асҭоит арни анапынҵа еиламгакәа аилагара иахылаԥшларц. Анхаацәа изакәанымкәа ашәахтәқәа рыршәара афактқәа аныҟала, аилагара ҟазҵаз аусзуҩгьы, уи дызҵазкуа аусбарҭа анапхгаҩгьы аҭакԥхықәра рыдҵахоит.
Ари аҭагылазаашьа хаҭала сара сахылаԥшлоит», ҳәа.