«Тҟәарчал ақалақьуаа 30 шықәса раахыс арҭ аусурақәа ирзыԥшын. Амҩа хадаҟны ари раԥхьатәи шьаҭанкылатәи усуроуп. Арҿыцратә усурақәа ирылагеит ҩышықәса раԥхьа, аха иаанкылан иҟаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, афинанстәқәагьы налаҵаны. Сынтәа иаҭаху ахарџьқәа ԥшаан аҟнытә аусура еиҭахацыркуп», — иҳәеит Гәынба Бадра.
Ахада иазгәеиҭеит аԥснытәии урыстәылатәи аколлегацәеи еиидгыланы егьырҭ акрызҵазкуа аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара шазгәаҭоу, амҩақәа шьаҭанкыла рырҿыцрагьы убрахь иналаҵаны.
«Амҩа хада адагьы ирҿыцхоит Тҟәарча ақалақь аҟны амҩақәа ҩба», — иҳәеит Гәынба Бадра
Ахада иаҵшьны иҳәеит мҽхакы ҭбаала аусурақәа шымҩаԥсыуа раионцыԥхьаӡа. Иахьа аусура мҩаԥысуеит Очамчыра араион аҟны, Пицунда ақалақь аҟны. Иазԥхьагәаҭоуп аусурақәа иара убас Гагра, Аҟәа ашықәс нҵәаанӡа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит Гәдоуҭагьы.
«Сара урыстәылатәи ҳколлегацәа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Сынтәа миллиардк инацҵаны аиқәшаҳаҭрақәа рыла иазоужьу иазԥхьгәаҭамыз хархәагақәоуп. Ари амашьынамҩа хадақәа реиҿкааразы иацҵаны алшарақәа аԥырҵоит. Сгәы иаанагоит ҳауаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәрагьы иацхраауеит ҳәа», — иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.