АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 18:17

Аԥсны Ахада Константин Затулин Иира амш идиныҳәалеит

Ахада Константин Затулин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны иаиҭо ганрацәалатәи адгыларазы. 

«Шәара Аԥсназы иуадаҩыз аамҭақәа раан есқьынгьы ҳажәлар шәрыдгылан, атәыла аинтересқәа хьчо. Шәара ҳмилаҭтә ԥыза ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба шәидгылан. Иахьагьы ҳтәыла ганрацәалатәи ацхыраара ашәҭоит, уи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аԥсны жәлар ҳаҭыр шәықәырҵоит, есқьынгьы ҳрсепубликаҟны шәбара иеигәырӷьоит», —  иҳәеит Гәынба Бадра. 

Ахада Константин Затулин изеиӷьеишьеит агәабзиара, аихьӡарақәа.

Read 1 times Last modified on Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 18:28
aps25