Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Ахада ахьыԥшымрахь инагаз амҩа игәаларшәо, иаҵшьны иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ахыҵхырҭақәа рыҟны игылаз рыхьӡ ҳамҳәар шамуа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ахачҳара дуи аԥеиԥш агәрагареи дырсимволны дҟалеит. Иара иҟәыӷареи игәаӷьреи ирыбзоураны Аԥсны ахьыԥшымра ауасхыр азышьҭаҵан», — иҳәеит Гәынба Бадра.