Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала ишьақәгылоу Урысттәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш.
Ари аныҳәа символра азнауеит урыстәылауатәи ауаажәларра реидгылара, амилаҭтә акзаара амч, аҭоурыхтә традициақәеи, аџьынџь алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәреи. Шәышқәсырацәалатәи Урыстәылаа аҭоурых шаҳаҭра ауеит ажәлар ракзаара, ҳаҭыреиқәҵарыла аизыҟазаара, адоуҳатәи акультуратәи ҭынхақәа реиқәырхара аҳәынҭқрра шьаҭас ишамоу.
Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳазҭагылоу аамҭа уадаҩ иацу ауадҩарақәа ириааины, аекономикатәи аҭҵаарадырра-техникатәи лшара аарӷәӷәара, амилаҭтә интересқәа ахьчоит, азинтә шьаҭа змоу адунеишьақәгылашьа аԥҵаразы ақәԥара иаҿуп, аҳәынҭқаррақәа зегьы ринтерсқәа ҳасаб рзуны.
Шәышықәсала аҭоурыхтә еиҩызара, адоуҳатәи акультуратәи ҵас бзиақәа, агәреибагареи, аидгыларатә усеицуреи шьаҭас измоу аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҵак ду амоуп. Ҳарҭ ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳтәылақәа ирыбжьоу астратегиатә еиҩызареи аусеицеи, аидгылареи, урҭ ԥсахрада аԥхьаҟагьы рырӷәӷәареи рырҿиареи ҳазхиоуп.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡара ҿыцқәа, Урыстәыла ҳаиашьаратә жәлар — аҭынчра, акзаара, аизҳазыӷьара!».