АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 23 Хәажәкыр 2026 22:38

Ахада аҵаралашаратә сессиа апроект "Аҭынха. Аҿиара. Акзаара» алахәцәа рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит

   ▫️ Абарҭ амшқәа рзы Шәача Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи афедералтә округ арегионқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыҟнытә иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа рзы имҩаԥысуеит аҵаралашаратә сессиа апроект «Аҭынха. Аҿиара. Акзаара ". Асессиа аусура далахәуп Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.

 

▫️ Аусмҩаԥгатә аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ихьӡала аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи ирызкыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

 

▫️ Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу афорум алахәцәа, акыр иаԥсоу аҩызцәа!

 

▫️ Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл амаҵ ауреи, уи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәреи, аибашьратә еишьара апринципқәа рызиашареи еиднакыло зегьы ари афорум аартра.

 

▫️ Ҳара ҳаиднакылоит азеиԥш ҭоурых адагьы аамҭа иԥнашәаз акзаарагьы.

 

▫️ Ҳажәлар еснагь жәҩахыр еибыҭарала ирыдгылан урыстәылатәи рашьцәа ирыдгылан  Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа.

 

▫️ Ҷыдала ҳаҭырла сшырзыҟоу атәы сҳәарц сҭахуп иҷыдоу арратә операциа алахәцәа. Шәгәымшәареи, шәхачҳареи, шәуалԥшьа гәык-ԥсыкала азыҟазаареи апатриотизм иаша иаҿырԥшыгоуп. Иҷыдоу арратә операциа иалахәу Аԥсны атәылауаа аибашьратә еишьара атрадициақәа еиламгакәа иаауеит, азеиԥш ус аҿы рлагаламҭа алагало.

 

▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра инеиԥынкыланы Урыстәылатәи Афедерациа иадгылоит зыгәрагоу ҩызара азурала. Ҳара ҳаиднакылоит агәрагареи, наҟ-ааҟтәи адгылареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы азеиԥш ҭакԥхықәреи шьаҭас измоу иҵаулоу аҭоурыхтә, адоуҳатә, ауаҩытәыҩсатә еимадарақәа.

 

▫️ Иахьа даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа аҵак ду ари акзаара аиқәырхара, аӡәи-аӡәи ҳаидгыланы,  ҳусеицура рӷәӷәо еицаҳзеиԥшу аԥшьгарақәа нагӡо ԥхьаҟа ацара.

 

▫️ Ишәзеиӷьасшьоит қәҿиарала аусура, агәабзиара, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аихьӡара ҿыцқәа».

 

▫️ Беслан Бигәаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳасабала хаҭала иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит:

 

▫ ️ "Азин сышәҭозар, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, шәҿаԥхьа схырхәоит  Аԥсадгьыл ахьчаразы шәахьгылоу азы. Шәара афырхацәа рымҩа шәануп. Шәара аԥсҭазаара аҵакы, ажәа аҵакы жәдыруеит, аибашьраҟны шәҩызцәа шәывыршьаахьеит, аԥсра абла шәҭаԥшхьеит. Иахьа, ара шәҿаԥхьа сахьгылоу исҳәарц сҭахуп – ҳара ҳанеидгыла ҳамч ӷәӷәоуп.

▫️ Исгәаласыршәар сҭахуп аибашьра хы иҭахаз зегьы. Урҭ хашҭра рықәӡам.

 

▫️  Зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, избан акәзхар шәара даҽаӡәы иеиԥшымкәа ижәдыруеит аҭынчра аҵакы.

 

 ▫️ Иеизҳазыӷьалааит ҳажәларқәа,хьӡи-ԥшеи рымазааит ҳфырхацәа!»

 

▫️ Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп Иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа рассоциациеи Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еидгылара «Ԥсра зқәым урыстәыла аполки "рыбзоурала Ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.

 

▫️ Ахырхарҭа хаданы иҟоуп — Аԥсни Урыстәылеи аҭоуры-культуратә еимадарақәа рырӷәӷәара хықәкыс измоу Иҷыдоу арратә операциа аветеранцәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аус рыдулара.  

Read 7 times Last modified on Ашәахьа, 23 Хәажәкыр 2026 23:10
aps25