АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 16 Хәажәкыр 2026 12:27

Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит Аҟәа ахакәиҭтәразы имҩаԥгаз хәажәкырамзазтәи ажәылара иазкыз аусмҩаԥгатә

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Ацхаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра рҳаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.

Аҳәынҭқарра анапхгара адҵаҟаҵаҩцәа - Аԥсны Афырхацәа Сергеи Дбар, Сулҭан Сосналиев, Мушьни Хәарцкьиа, Гиви Агрба, Владимир Аршба рыхьӡала ҳаҭырла рбаҟақәа рымҵан ихырхәеит. Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара иамоу аҵакы. Атәыла Ахада игәалаиршәеит Хәажәкыратәи ажәылара анаҩс Гәдоуҭа имҩаԥгаз аизараҟны иҭахаз аибашьцәа ранацәа Аиааира агаразы иҟарҵаз ааԥхьара атәы.  

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит урҭ рфырхаҵара хашҭра шақәым, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәымшәара  ҳажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа ишаанхо.

Read 9 times Last modified on Ашәахьа, 16 Хәажәкыр 2026 12:28
aps25