АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 28 Жәабран 2026 19:01

Аԥсны Ахада Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников диԥылеит

 

▫ ️ Аиԥылара иара убас иалахәын Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, аԥыза-министр Ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз.

 

▫️ Аганқәа еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара амҩаԥысшьеи ԥхьаҟатәи аусеицуразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.

 

▫ ️ "Иахьа Аԥсныҟа шәаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳарҭааит аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, урыстәылатәи абанкқәагьы уахь иналаҵаны, афинанс ззаужьу аобиектқәа. Еицымҩаԥаҳго апроектқәа ртәы ҳҳәозар, иаҳҳәар ҳалшоит урҭ рзы аусура хра аманы ишьақәыргылоуп ҳәа.

 

Аусбарҭақәеи, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рбизнеси рыбжьара имҩаԥысуа аусеицура аҩаӡара ҳаракуп. Шәаргьы ҳаргьы уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп арҭ аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Ҳтәылақәа рыбжьара ааусеицура есааира амҽхак аҭабаахара иаҿуп, уи ҳтәылауаа рыбзазареи реизҳазыӷьареи ирныԥшуеит, иара убас ашәарҭадареи асоциалтә ҿиареи рызҵаарақәагьы. Урҭ шықәсарацәала зырҿиара мҩаԥысуа, аԥхьаҟа зырҿиара ҳҭаху ахырхарҭа хадақәаны иҟоуп», — иҳәеит Бадра Гәынба.

 

▫ ️ Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иганахьала, ареспублика анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит гәахәарыла иахьрыдыркылаз азы, инаҵшьны иазгәеиҭеит аусеицура астратегиатә ҟазшьа шамоу.

▫️ «Ҳтәылақәа аиҩызара бзиа, аамҭа иԥнашәахьоу агәрагара шьаҭас измоу аусеицура рыбжьоуп.  Сара ареспублика ауааԥсыра иҭабуп ҳәа расҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа аполитика иарҭо адгыларазы, аррамаҵзурауаа хатәгәаԥхарала ҳаҷкәынцәа ирыдгыланы, жәҩахыреибыҭарала арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аинтересқәеи ашәарҭадареи рзы иахьгылаз. Уи ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит.

   

 

 Угәы иахәартә иҟоуп Аԥсны аҿиара ццакны иахьымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩнуҵҟа арбагақәа урыхәаԥшыр, аҩныҵҟатәи азеиԥш хашәалахәы хынтә иазҳаит. Уи ус шакәу шьақәзырӷәӷәо акәны иҟоуп ареспублика ахатәы хашәалахәқәа реизҳарагьы. Жәаҳәарада, ас еиԥш аҿиара ҳтәылақәа иааигәаны реинырра иалҵшәоуп», — ҳәа азгәеиҭеит Максим Решетников.

 

▫️ Аминистр иҳәеит Урыстәыла Ахада инапынҵала иааиуа ашықәс азы азинҷыдатә кредит аҭареи аинвестициақәа рыдгылареи рзы алшарақәа шазгәаҭоу. Иара убас аиқәшаҳаҭра алыршоуп абизнес маҷи абжьаратә бизнеси афинанс рзоужьразы. Максим Решетников иажәақәа рыла, уи атуризм аҟынтәи ахашәалахәқәа ареспубликаҿы аанхара, аҭыԥантәи аалыҵқәеи амаҵзурақәеи рықәхарџьра алнаршоит.

 ▫️ Ақәҿиара змоу ҿырԥштәык аҳасабала иааигеит аделегациа зҭааз ахш зауад, ӷәӷәала аизҳара змоу обиект аҳасбала ахә шьаны. Аԥыжәара змоу рыбжьара аминистр иаликааит атуристтә аалыҵ ҿыцқәа раԥҵара, аамҭабжьаразтәигьы уахь иналаҵаны, Аԥсны атуристцәа еиҳа мҽхакы ҭбаала иадзыԥхьало аҭыԥқәа рышьақәыргылара. Максим Решетников иҳәеит Урыстәыла аԥхьаҟагьы ари аусхк аҟны аԥышәа амадара ишазхиоу.

▫ ️ Аиԥылара ахыркәшамҭаз Гәынба Бадра Максим Решетников иҭабуп ҳәа иеиҳәеит хра злоу аусеицуразы.

Read 29 times
aps25