Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ииасыз аҵарашықәс хыркәшахеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала мҽхакыҭбаала иеиҿкааз ҩ-ганктәи аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгарала.
Ахада иазгәеиҭеит азыҟаҵарақәа ирылахәыз — аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа инадыркны архәҭақәа рҟынӡа зегьы атәыла аибашьратә шәарҭадара алыршара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡаразы хәы змоу аԥышәа шроуыз.
▫️ Иалыршан атәылаҟны арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиараан зыҩаӡара ҳараку аусбарҭабжьаратә усеицура.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит «атәыла ахьчара Арбџьар мчқәа инарыгӡо уснагӡатәқәа мацараны ишыҟам, уи аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, азинтә уснагӡатәқәа еидызкыло системаны ишыҟоу», аҩаӡарақәа зегьы ирыҵаркуа аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылахьчара комплексла разыҟаҵара алыршара.
▫️ Адҵаҟаҵаҩ хада иалкааны иазгәеиҭеит 2026-тәи арҵаратә шықәса ауснагӡатә хада — Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала агрессиа аҿагыларазы Арбџьар мчқәа еснагьтәи разхиара, уи аҵакырадгьыл акзаареи акьымсреи рыхьчара, иара убас Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аидгыларатә хыдҵақәа рынагӡара.
Ахада иаҵшьны иҳәеит атәылахьчаралшара аҳәынҭқарратә политикаҟны ԥыжәара змоу хырхарҭаны ишаанхо, ашәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи алзыршо акәны ишыҟоу ҳаамҭазтәи, лыҵшәа змоу Арбџьар мчқәа рыҟазаара.
Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара иалкаау адҵақәа риҭеит. --