МЕЖДУНАРОДНЫЕ ДОГОВОРЫ

Super User

Super User

Рашәарамза 12 рзы Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысуаз аныҳәатә ҟазшьа змаз адкылара даҭааит.  Урыстәыла амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аан Бадра Гәынба еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Ихаҭыԥуаҩ, адоктор Феисал Аль- Микдад ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба жьҭаарамза 25 инаркны 27 рзынӡа имҩаԥысуа «Амарафон Аҟәа» аҽазыҟаҵара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аусура иалахәын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақ. Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭондил Сурманиӡе, аҳҭнықалақь аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аиҿкааратә еилакы алахәцәа.  
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Абесалом Кәарҷиа Кавказ Аҭрышба иҧшәмаҧҳәыс Елена Бабиченко Леон иорден лнапы иаиркит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Администрациа Анапхгаҩы ин. н. Ахада имаҵура иахагыларазы аусмҩаԥгатә иазку Акомиссиа ахантәаҩы Кәарҷиа Абесалом далацәажәеит 2025 шықәса мшаԥымза 2 рзы имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы.
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан аицлабра "Аԥсны акоманда" афинал аартра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.  
 Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ  Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани  1945 ш. лаҵарамзазы Реихстаг иахадыргылаз Аиааира Абираҟ акопиа хаҭа  В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аԥша  амузеи аҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәааи  Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Ешба Беслани 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 ш. ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын.
Аԥсны Ахада Ихатыԥуаҩ Бигәаа Беслан Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкыз зхы иақәиҭу ақәԥаразы ареспубликатә еицлабра аартра далахәын. Аицлабра мҩаԥысуан Багаԥшь Сергеи ихьӡ зху Аспорт ахан аҟны.  
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба  Бадра  аколлектив дыдирдырит  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.
aps25