
Super User
Аԥшьаша, 31 Жьҭаара 2024 10:37
Аслан Бжьаниа Едуард Кокоиты ииубилеи идиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҩбатәи ахада Едуард Кокоиты 60 шықәса ихыҵра аиубилеи идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иазгәаҭоуп: "Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьаба-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Шәара алада-уаԥстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны зылшамҭақәа рацәоу, еицырдыруа аҳәынҭқарратә аполитикатә усзуҩуп.Шәара Аԥсны ҳаҭырла ишәзыҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵара аԥхьа шәызнысыз амҩаҟны шәыжәҩахыр еибыҭаны шәеидгылан Сергеи Багаԥшьи Шәареи. Шәара ишәыбжьаз хаҭалатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳажәларқәа риашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауан. Иахьа Шәара ҳтәылаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа азҿлымҳара ду ашәҭоит, ганрацәала адгылара ҟашәҵоит, Аԥсны ҩызара ду азыжәуеит. Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьабе-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа ишәзааигәоу шәҭынхацәа рыбжьара. Аԥхьаҟагьы шәыԥсҭазаара хҭыс бзиала иҭәызааит!"
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ашәахьа, 11 Абҵара 2024 10:34
Аслан Бжьаниа апрофессор Џьорџь Хиуитт ииубилеи идиныҳәалеит
75 шықәса ихыҵит Англыз ҵарауаҩ, кавказтәи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Британиа ду аҟны аҳаҭыртә хаҭарнакс иҟоу, Ахьӡ –Аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу. апрофессор Џьорџь Хиуитт.Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаҩ ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалартә шәҟәаҿы иаҳәоит:Ҳаҭыр зқәу апрофессор Џьорџь Хиуитт!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 75 шықәса шәхыҵра.Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа бызшәа аҭҵаареи уи аӡыргареи рзы Шәара ишәбахьоу аџьабаа. Ааԥсарак шәықәымкәан Аԥсны иашәҭо адгылареи ацхыраареи ирыбзоураны ишәырҳаит аԥсуа жәлар ргәыбылра.Ҳаԥсадгьыл ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы Шәара ишәылшәыршаз рацәоуп Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рзы аиаша адунеи аларҵәара аус аҿы. Уи азы лымкаала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.Ҳаҭыр зқәу Џьорџь Хиуитт, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, ҭаацәаныла аманшәалара, шәнапы злакыу аусқәа рҿы аихьӡарақәа.Ҳаҭырла,Аԥсны Аҳәынҭқарра АхадаА. Г. Бжьаниа
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ашәахьа, 25 Абҵара 2024 10:34
Аԥсны Ахада ин. н. Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро иирамш идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада ин. н. Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро иирамш идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! Шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу аполитик, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи Боливариантәи Ареспублика Венесуела жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа рырӷәӷәареи рыҟны зхы иамеигӡо аҳәынҭқрратә усзуҩы иаҳасабала.Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аидгыларатәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа. Ахә ашьара уадаҩуп аԥсны-венесуелатәи астратегиатә усеицураҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа.Ҳгәы иаанагоит аиҩызара зыбжьоу ҳажәларқәа рыхьӡала аԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи ҳусеицура есааира иазҳалап ҳәа.Ҳаҭыр зқәу Николас Мадуро, Шәхацкы, ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аҳәынҭқарратә усураҿы».
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Амҽыша, 01 Ԥхынҷкәын 2024 10:32
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара. Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Гәынба Бадра иҳәеит еидгылоу мраҭашәараа рыцхыраарала жәларбжьаратәи атеррористцәа еиҭа Шьамтәыла ражәлара инамаданы ажәлари анапхгареи адгылара шриҭо атәы."Ҳара шәтәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы ҳаҳауеит, ииашаны ақәԥаразы игылаз Шәара напхгара зышәҭо шәыжәлар ҳрыдгылоит. Шьамтәылатәи ажәлар ҳара иаҳзааигәоу аишьара ҳзызуа жәларуп», - иҳәеит Гәынба Бадра. "Сара агәра згоит Шьамтәыла ажәлар зегьы аӡәк еиԥш ишшәыдгыло аҳәынҭқарра аиқәырхаразы. Шәаргьы, шәаб еиԥш, шәыԥсҭазаара Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Шьамтәыла ажәлар, атәылаҿы аҭышәынтәалара аиқәырхара иазышәкит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада ин.н. Гәынба Бадра. Уи иҳәеит «Шьамтәыла ажәлари, Урыстәыла дуӡӡеи рыбзоуарала Шьамтәылан хара имгакәа аҭынчра шьақәгылоит» ҳәа агәра шиго. Ахада ин.н. шьамтәылатәи иколлега иеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭа ала Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа рышҟа ихы рханы аҳәара шыҟаиҵаз зҳәынҭқарра ахьчаразы игылаз ажәлар напхгара рызҭо Шьамтәыла ахада адгылара ирҭарц, аиаша иадгыларц азы. Шьамтәыла Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵо адгыларазы. "Иҭабуп даара аҵак ду змоу шәажәақәа рзы. Сара сзы даара акраҵанакуеит аҭел шәахьысзасыз. Абри аҩыза имариам аҭагылазаашьаҟны аҩызцәа рыцхыраара - Урыстәыла, Аҧсны, Иран уҳәа егьырҭг атәылақәа рыҟнытә ҷыдала ахә аманы исыԥхьаӡоит»,- иҳәеит Башар Асад.«Атәылақәа жәпакы шәара ианшәықәыӷәӷәоз, ҳарҭ ҳшәыдгылеит, избанзар еилаҳкаауан шәара шәыдгьыл аҟны аԥшәымара шыжәуа, аиаша шәара шәган аҟны ишыҟоу. Абри ауп иахьа мзызс иамоу шәара иҟашәҵо адгыларагьы», - иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Асад иажәақәа рыла, ажәларқәа реиҩызара аламыси апринципқәеи рҟынтә иаауеит. «Мраҭашәара иҟаӡам урҭ апринципқәеи аламыси. Урыстәыла мраҭашәара ахаангьы агрессиала иазныҟәаӡомызт, аха дара еснагь Урыстәыла иаҿагылоуп, иабашьуеит», - иҳәеит иаҵшьны Асад. Шьамтәылатәи Ахада иажәақәа рыла, иахьа абас еиԥш ақәылара ҟазҵаз ажәлар хьаас ирымаӡам. «Дара мраҭашәаратәи аҷыдамаҵзурақәа ирхаҭарнакцәоуп. Ари терроруп, Москва Норд-Ост, Беслан ашкол, Кроку-сити аҟны аҭыҧ змаз, гәымбылџьбарала ауаа ахьыршьуаз имҩаԥыргоз ахаҭоуп»,- иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Урҭ амораль рымаӡам, аиҿцәажәара аҭахуп ҳәа рыздырам, рыцҳарас иҟоу, амч ауп ирдыруа, убри аҟнытә ҳара хамеигӡарада ҳарҿагылоит ҳтәылеи ҳажәлари рыхьчаразы,- иҳәеит Асад.Шьамтәыла Ахада Гәынба Бадреи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩи иҭабуп ҳәа реиҳәеит атәыла анапхгара адгыларазы иҟарҵаз ааԥхьаразы. Шәара шәашьцәа ҳтәыла ахақәиҭразы ашьа карҭәеит, урҭ патриотцәа дуқәоуп, Шьамтәылан ҳаҭыр зқәу тәылауаауп», - иҳәеит Асад. .Шьамтәыла Ахада ицәжәараҿы иазгәеиҭеит цхыраарак рҭаххар, хымԥада, Аԥсныҟа адырра шыҟаиҵо азы. Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Асади аимадара шрыбжьазаауа еибырҳәеит.
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Аԥшьаша, 26 Ԥхынҷкәын 2024 10:32
Бадра Гәынба Грозныи аҳаирплан акаҳара инамадны Владимир Путин дидышшылеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба адышшыларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В. В. Путин Баку-.Грозныи иҧыруаз апассаџьыртә ҳаирплан акаҳара инамаданы. Адышшыларатә шәҟәаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа! Гәалсра дула иҳадаҳкылеит иҟалаз аҳаиртә хлымӡаах, хыҧхьаӡара рацәала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рҭахара. Аҧсны жәлар рыхьӡала гәык-ҧсык ала срыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, еиқәхаз ауаа ирзеиӷьасшьоит лассы ргәабзиара ашьақәгылара.
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Аҩаша, 04 Хәажәкыр 2025 10:32
Александр Новак ҭелла Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит
УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новак ҭелла Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит.Хәажәкырамза 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалху Гәынба Бадреи УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки ҭелла реицәажәара.УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новак ҭелла Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит.Новак иҳәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аԥхьаҟа аҿиара роуеит ҳәа игәы ишаанаго, Гәынба Бадра изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аҳәынҭқарратә маҵзура ду аҟны.Гәынба Б. А. Новак иҭабуп ҳәа иеиҳәеит дныҳәалери азеиӷьашьарақәеи рзы.
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ахаша, 05 Хәажәкыр 2025 10:29
Ради Хабиров Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит
Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалху адныҳәаларатә цҳамҭа изааишьҭит.Адныҳәаларатә цҳамҭа, ҷыдала иаҳәоит:«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира. Урыстәылатәи Афедерациа Башкорҭосҭан Ареспубликаҟны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳареи иҳабжьоу аиҩызареи аусеицуреи. Агәра згоит аԥхьаҟагьы аекономикатәи агуманитартәи усхкқәа рыҟны наҟ-ааҟ феида злоу аимадарақәа есааира ишыӷәӷәахо. Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Бадра Гунба изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа Аԥсны жәлар рыхьӡала имҩаԥиго аҭакԥхықәра зцу аус аҟны, аҭынчра, ахирра.
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ахаша, 05 Хәажәкыр 2025 10:29
Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит
Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭа, ҷыдала иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәалхра.Ажәлар ргәазыҳәара аарԥшрала имҩаԥысыз алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира иаанарԥшит аԥснытәи атәылауаа аполитикаҩныҵҟатәи аҭышәынтәалареи инеиԥынкыланы атәыла асоциал-економикатә ҿиареи ралыршара иазынархоу Шәара шәполитикатә программа адгылара шарҭаз. Агәра згоит Шәара шәнапхгарала урыстәыла-аԥснытәи аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара иацхраауа есааира ишыӷәӷәахало, ишыҿиало, Башкорҭосҭан Ареспубликеи Аԥсни реимадара аҽшарҭбаало ҳажәларқәа еидызкыло аиҩызара аҵас бзиақәа шьаҭас иаҭаны.Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра.»
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ахаша, 05 Хәажәкыр 2025 10:29
Санкт-Петербург инхо Аԥсуа диаспора Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа ирыдныҳәалеит
Санкт -Петербург инхо Аԥсуа диаспора иаанашьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭаҟны Бадра Зураб-иԥеи Беслан Владимир-иԥеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Ахада Ихаҭыԥуаҩси ралхра инамаданы гәык-ԥсык ала ирыдныҳәалеит. «Ажәлар иҟарҵаз алхра иаанарԥшуеит милаҭрацәала ишьақәгылоу Аԥсны аҿиареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, азинлеишәеи рырӷәӷәареи ирызку аполитикатә хырхарҭа ишадгыло. Алхратә программаҟны иарбан ахырхарҭа хадақәа: атәылауаа рыбзазаратә ԥсҭазаара аиӷьтәра, атәылахьчара арӷәӷәара, атәыла жәларбжьаратәи азхаҵара, астратегиатә проектқәа рынагӡара», - аҳәоит адныҳәалараҟны. Адиаспора агәыӷра аанарԥшуеит иалырхыз аԥызацәа рнапхгарала Аԥсны иреиҳау аихьӡарақәа рҟынӡа ишынаӡо асуверенитет арӷәӷәареи, аҳәынҭкарратә ргылареи, асоциалтә ҿиареи рыҟны.Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп астратегиатә партниор - Урыстәыла аус ацура, уи адгылара иабзоураны ааглыхра, афымцамч, атранспорт, акультура, аҵараиураа аҿиара шроуа. Азеиԥш проектқәа рымҽхак арҭбаара атәыла аԥеиԥш бзиа агәрагара унаҭоит. Санкт-Петербург ҭоурыхла Аԥсны иадҳәалоуп: Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ақалақь ахҵәацәеи ахәцәеи ацхыраара ахьырнаҭоз центрхеит, агәыҳалалратә цхыраара ҟанаҵон, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал налаҵаны. Иахьа Ленинград ахьчаразы злагала ыҟоу Пискариовтәи аҳаҭгәын аҟны амеморалтә ӷәы наунагӡа зыхьӡқәа ану ауаа хашҭра рықәым. Адиаспора агәыӷра аанарԥшуеит анапхгаҩцәа ҿыцқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 80 ш. ахыҵра иазку амшқәа рзы Санкт-Петербург иаҭаап ҳәа.Санкт-Петербург инхо Аԥсуа диаспора Бадра Зураб-иԥеи Беслан Владимир-иԥеи аҳәынҭқарратә маҵзура аҟны аихьӡарақәеи, агәамчи, ахирреи рзеиӷьаршьеит, Аԥсны жәлар зегьы - аҭынчра, акзаара, аизҳазыӷьара.
Икьыԥхьуп
ТЕЛЕГРАММЫ
Tagged under
Ахәаша, 02 Жәабран 2024 10:21
БАДРА ГӘЫМБА АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАДАЦӘА АЛАРХӘНЫ ИНАРҬБААУ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ
2024 ш. жәабранмза 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента
Tagged under