АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 17 Жьҭаара 2025 20:30

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа Гал ақалақь амш иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын

Имҩаҧысит Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраҟны (1992-1993ш.ш.) иҭахаз аибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭшьаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.


Анаҩс, иеиҿкаан аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аныҳәатә концерт, иара убас ақалақь ауааҧсыреи анхацәеи рзы егьырҭ акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа.


"Есышықәса Гал ҧшӡахоит, напы адкылоуп, аныҳәа акәзар, есааира ауаа рацәа аднаҧхьалоит", - иҳәеит Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.

 
Read 1 times
aps25