Аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥснынтәи ахәыҷқәа Урыстәыла имҩаԥысуа иеиуеиԥшым апроектқәа рылахәра.
Иазгәаҭан аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхаразы азеиԥш аԥшьгарақәа ирымоу аҵакы.
Жьҭаарамза 7 рзы Аԥсны Жәлар Реизараҟны имҩаԥысит жәларбжьаратәи апатриоттә еицлабра «Урыстәыла – афырхацәа ртәыла» аҟны аиааира згази аицлабра алахәцәеи аҳамҭақәа ранашьара. Уи иалахәын Аԥсны ашколхәыҷқәа. Аицлабра мҩаԥнагоит Урыстәылазегьтәи ауаажәларртә еиҿкаара «Урыстәыла Абираҟ».
Аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны иазгәаҭан ари апроект аԥсуа хәыҷқәа ралахәраҿы Аԥсны Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа ироль. Имҩаԥысыз аҳамҭақәа ранашьара аусмҩаԥгатә иара игәалашәара иазкын.