АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 04 Цәыббра 2025 15:02

Хабарда ибжьаӡыз рымш иазкны имҩаԥысит акциа

 

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министра Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ранацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 

Ара ицәырган Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа. Иара убас имҩаԥысит ақәыргыламҭа, иҭахаз ргәалашәара иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

 

Аԥыза-министр, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы Ҭарашь Ҳагба иқәгылараҟны далацәажәеит Аԥсны анагӡаратә мреи анапхгареи хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы имҩаԥыргаз аусура атәы. Уи иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа ари аус азы иалыршоу.   

 

Хабарда ибжьаӡыз ргәалашәаразы ацәашьқәа аркын. 

 

Идырбан адокументалтә фильм «Хабарда. Анарцәымҩахь анаскьагара ақәиҭхарада».

Read 1 times Last modified on Аԥшьаша, 04 Цәыббра 2025 16:57
aps25