Ахәаша, 29 Нанҳәа 2025 22:44
Бигәаа Беслан нанҳәамза 28 рзы Мықә ақыҭаҟны акафедралтә ныхаҟны имҩаԥысуаз Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лыцәеиқәыԥсара иазкыз Нанҳәа аныҳәа даҭааит
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан нанҳәамза 28 рзы Мықә ақыҭаҟны акафедралтә ныхаҟны имҩаԥысуаз Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лыцәеиқәыԥсара иазкыз Нанҳәа аныҳәа даҭааит.
Аныҳәатә нцәамаҵзура иацын византиатәи атрадициақәа инарықәыршәаны аԥсышәала ашәаҳәақәа. Урҭ наигӡон Афон Ҿыцтәи амонастыр ахылаԥшҩы амонахдикәан Давид (Сарсаниа).
Анцәаратә литуригиа анаҩс аныхабаа акәша аныхачаԥақәа кны аџьартә ныҟәара мҩаԥган, уи ашьҭахь аныҳа аҭааҩцәеи асасцәеи Бадра (Боиан) Делба инапхгарала ахылаԥшыҩцәа еиҿыркааз аныҳәатә еишәа ашҟа инаԥхьан.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента