АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 22 Нанҳәа 2025 22:36

Ахада идҵа инақәыршәаны иаԥҵоуп Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсны Акоманда»

 

 

Аиҿкаара стратегиатә хықәкыс иамоуп ауаҩытәҩсатә капитал арҿиареи арӷәӷәареи, атәыла аизҳазыӷьареи, аицлабрақәа реиҿкаареи аицлабра «Аԥсны акоманда» афиналистцәеи аиааира згази иаԥырҵаз апроектқәа рынагӡареи рыҟны ацхыраара аҟаҵара иацхраауа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ганрацәала рыҿиареи реизҳареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан анапхгаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» афиналистцәеи аицлабраҟны аиааира згази дырԥылеит. Аиԥылараҟны ирылеиҳәеит аҳәынҭқарра Ахада Идҵала Ахада Иадминистрациаҟны ишаԥҵоу ИИА «Аԥсны Акоманда».

 

Ешба Беслан, ҷыдала, иҳәеит: «ИИА «Аԥсны Акоманда» Аԥсны Аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиареи аизҳазыӷьареи хықәкы хаданы измоу еиуеиԥшым аԥшьгарақәеи алшарақәеи еидызкыло хра злоу аиҭакрақәа реиҿкаара алзыршо цхыраагӡа дуны иҟалоит. Ари аиҿкаара иалнаршоит зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьақәеи ауаажәларра рҭаххарақәеи ирласны рықәҿыҭра, уи иахьа адунеи аҿы лассы имҩаԥысуа ахҭысқәа раан ҷыдала аҵак ду амоуп».

 

ИИА «Аԥсны Акоманда» Анаԥшратә хеилак Ахантәаҩыс дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра. 

 

Аиҿкаара Директор хадас даҭоуп Габуниа Гьаргь. 

   

Read 16 times Last modified on Асабша, 23 Нанҳәа 2025 15:25
aps25