АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 22 Ажьырныҳәа 2026 18:13

Бигәаа Беслан Џьапуа Баҭал ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра даҭааит

 

▫️ Аԥсны асахьаҭыхҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа Џьапуа Баҭал хаҭалатәи ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра.    

 

▫️ Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани. 

 

▫️ «Шәара ахаангьы шәыжәлар шәырзааигәан. Шәусумҭақәа аҟазаратә аԥҵамҭақәаны иахьыҟоу адагьы, урҭ ҳҭоурых ҳаргәыларгалоит, ҳаздырхәыцуеит. Иааидкыланы шәырҿиара зегьы ауаа еиднакылоит, ҩныҵҟала, доуҳала  ҳарбеиоит, амч ҳарҭоит.

 

▫️ Шәара иныҟәыжәго ахаҿра зуси зтәылеи бзиа избо ахаҵа изы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ари ацәыргақәҵа шьахә азы, ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә қәранҵыра ду, агәамч», —иҳәеит Бигәаа Беслан асахьаҭыхҩы диндныҳәало.

 

▫️ Аекспозициа «Нарҭаа рыҩны» — автор амилаҭтә епоси Маадан Сақаниа иҳәамҭақәеи инарымаданы асахьаркыратә зхәыцразы шықәсарцәала имҩаԥигоз аусура иалҵшәахеит.   

Ацәыргақәҵаҟны ицәыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵаз 120 усумҭа инареиҳаны.  

 
Read 12 times
aps25