Аизара далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ, Аԥсны Ахәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала ахатәы еилазаара алахәцәа ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа, иазгәеиҭеит аррамаҵзура иахысуа рзанааҭтә зыҟаҵара иамоу аҵакы.
Ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳазҭагылоу аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара ацәырҵра, иҭышәынтәалам адунеитә политика, иара убас адәныҟаполитикаьә ҭагылазаашьа ауадаҩра Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәареи хаҳара злоу аусуреи аҭахны ишыҟанаҵо.
Убри инамаданы атәыла ашәарҭадаратә система ахәҭақәа зегьы рыҿиара аҵак ҷыда аархәоит, аҳәынҭқарратә, арратә, ауаажәларратә, аинформациатә, аекономикатә хырхарҭақәа убрахь иналаҵаны.
Ақәгылараҟны хшыҩзышьҭра ҷыда рыҭан Арбџьар мчқәа рырҿыцра азҵаарақәа.
Бигәаа Беслан иазгәеиҭеит архәҭақәа зегьы русура рҳәоуеиқшәара арӷәӷәара шаҭаху, ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәеи истандартәым аформақәа рыла аибашьра амҩаԥгара ралагалара иамоу аҵакы.
Ихадарақәоу рыбжьара иазгәаҭан аррамаҵзурауаа рмаҵзуреи рыбзазаратә ҭагылазаашьеи реиӷьтәра, аҵара асистема арҿыцра, арҵара-материалтә база арӷәӷәара, афинансла аиқәыршәареи ирызку азҵаарақәа.
Аизара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара алыршара иазкыз актуалра злаз азҵаарақәа, ирылацәажәан Адҵаҟаҵаҩ Хада 2026 ш. Арбџьар мчқәа разыҟаҵаразы аиҿкаара-методикатә дҵақәа, иара убас иалкаан аԥхьаҟатәи аусура ахырхарҭа хадақәа.