Print this page
Аҩаша, 21 Жьҭаара 2025 14:55

Ахада Пицунда имҩаԥысуа аҵараиуратә проект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» актәи ахәҭа даҭааит

Ахада апроект алахәцәа аԥсшәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит атәыла азы иамоу аҵак ду.

"Ари апроект ҳтәылазы аҵак ду амоуп. Адунеи аҟны зегь ирласны аҽаԥсахуеит, иахьа амедиаус аҿиара акраҵанакуеит Аԥсназы, уи зеиԥшрахо еиԥш иҟалоит Аԥсны анҭыҵ ирбо, еилыркаауа, иара убас ҳинформациатә наӡааӡара ашьақәгылашьа, адунеи аҟны ҳабжьы шго», – иҳәеит Гәынба Бадра.

Ахада иазгәеиҭеит апсуа журналистика иреиӷьу атрадициақәа шеиқәырхатәу, ишырҿиатәу - апрофессионализм, аҭакԥхықәра, апатриотизм, аԥхьаҩцәеи ахәаԥшцәеи  ҳаҭырқәҵарыла рызнеира. Убри аан, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, атехнологиа ҿыцқәа анапахьы аагарв шаҭаху, аформат ҿыцқәа, иара убас ацифратә аамҭазы аицлабралшара шеизырҳатәу.

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи аколлегацәа апроект анагӡараҟны иҟарҵаз адгылареи ацхыраареи рзы. 

«Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп урыстәылатәи аколлегацәа аицлабра аиҿкаараҟны иарҭаз адгылареи ацхыраареи рзы. Агәра згоит, рԥышә дуи рдыррақәеи апроект алахәцәа ишрымардо», - иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Ахада алахәцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит лыҵшәа змоу аусура агәазыҳәара, аидеиа ҿыцқәа.  

 

▫️ Апроект хықәкыс иамоуп ареспубликаҟны амедианаӡааӡара арҿиара  амедиаспециалистцәа рыквалификациа ашьҭыхра, Аԥсны амедиапроект ҿыцқәеи ахархәагақәеи раԥҵара. 

 

▫️ Апроект аҽалархәразы аҭахҳәагақәа аларҵеит 530-ҩык инареиҳаны ауаа.  Алахәцәа Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысраны иҟоу 4-хәҭак рыҽрыладархәуеит, хәҭацыԥхьаӡа хымш–хымш ицоит. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп ареспублика атуристтә бренд арҿиара. Апрограмма ахыркәшара иалҵшәаны иазԥхьагәаҭоуп 20 иреиҵамкәа амедиапроект ҿыцқәа.   

 

Напхгаҩцәас иҟоуп: апрограмма «Вести» амҩаԥгаҩ Ернест Мацкиавичус, АУ «Первый канал» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Писариов, АИА «Диалог» адиректор хада Владимир Табак.

 

Апроект еиҿнакааит Аԥсны Ахада Иадминистрациа. Аицлабра «Адиалог» ацхыраара арҭоит Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла», аҟазарҭа «Сенеж» аусбарҭа.

 
Read 3 times Last modified on Аҩаша, 21 Жьҭаара 2025 16:00