Абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа аиҳабыреи арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа ахаҭарнакцәа злахәны имҩаԥысыз аилацәажәараҟны.
▫️ Акомиссиа аԥҵоуп иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсни СССР-и Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иҵабыргу алахәҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иԥа ШЬынқәба ибеиоу илитературатәи иҭҵаарадырратәи ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи хықәкыс иҟаҵаны.
▫️ Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
▫️ Аилацәажәара аартуа, Ахада иазгәеиҭеит апоет дуӡӡа иҭынха аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аиқәырхара аҳәынҭқарратә ҵакы змоу акрызҵазкуа уснагӡатзны иҟоуп.
▫️ Аилацәажәараан Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба ажәалагала ҟаиҵеит Баграт Шьынқәба ихьӡала есышықәсатәи афестиваль амҩаԥгара апоет иқыҭа гәакьаҟны – Ҷлоу. Н. Чанба иажәақәа рыла, афестиваль азԥхьагәаҭоуп хымш рыҩныҵҟа апоезиеи, амузыкеи, аҟазареи еиднакыло амҩаԥгара, Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа жәпакы ирылхны ашәақәа злаԥҵоу ала.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада ари аԥшьгара дадгылеит, иҳәеит хара имгакәа афестиваль амҩаԥгаразы Аусԥҟа ишаҵаҩхо. Аидеиа иақәшаҳаҭхеит аиԥылара иалахәыз зегьы.
▫️ Иара убас аилацәажәараҟны иазааҭгылан 2027 шықәса рзы иазгәарҭо Жәлар рпоет 110 шықәса ихыҵратә иубилеи азыҟаҵара инамаданы азҵаарақәа.