Print this page
Аԥшьаша, 16 Жьҭаара 2025 17:04

Ахада апартиа «Амцахара» аиубилеитә ныҳәаҟны иқәгылара

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа!

 

▫️ Ҳаҭыр зқәу апартиа «Амцахара» алахәцәа!

 

▫️ Иахьа иазгәаҳҭоит аполитикатә еиҿкаара «Амцахара» аиубилеи! Ари аиҿкаара аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Аԥсны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иалахәуп.   

 

▫️ Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп: «Амцахара» – политикатә еиҿкаара мацараны ишыҟам, уи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реидгыла ауп. Шәара зхы-зыԥсы иамеигӡаз уаауп ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Аҭынч ԥсҭазаараҟынгьы Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчаразы шәгылан, иахьагьы шәгылоуп.   

 

▫️ Ҳара иаҳгәалашәоит 25 шықәса раԥхьа шәара шәеидгылара – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, аибашьцәа аиааира згаз реидгылара – Ҳмилаҭтә ԥыза, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба дшақәныҳәаз. Уи аветеранцәа амилаҭ рыламыс иасимволны , агәымшәара иасимволны иԥхьаӡон.   

 

▫️ Апартиа аԥҵара ахыҵхырҭақәа рыҟны игылан хашҭра зқәым Афырхацәа, згәымшәарала Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира ааигәазтәуаз: Сергеи Дбар, Салыбеи Арӡынба, Владимир Начач, Мираб Кьышьмариа.

 

▫️ Урҭ ирыдгылаз аибашьцәагьы даргьы иеиҿыркааит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иалахәыз аиҿкаара. 

 

▫️ Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

 

▫️ Сара, Аԥсадгьыл амаҵураҟны хамеигӡарак ҟазымҵаз аветеранцәа ҿырԥшыганы иҟоу абиԥара ҿыц иахаҭарнаку, исҭахуп автеренацәа зегьы еидгылазарц! Аибашьра адәаҟны ишеидгылаз еиԥш, еидгыланы Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы аԥсра ианазцоз еиԥш.   

 

▫️ Сара сзы автеренацәа зегьы, политикатә гәаанагарас ирымазаалак, милаҭс изҵазкуазаалак, зегьы Фырхацәоуп. Зегьы ҳрызгәдууп.  

 

▫️ Гәахәароуп, иахьа апартиа «Амцахара» ахь аҿар ааиуа иахьалагаз, азнеишьа ҿыцқәа, агәаанагара ҿыцқәа алазгало апартиа аусура. 

Хәы змаӡам шәара шәԥышәеи аҿар ргәамчи реицҵара иабзоураны апартиа ихадароу аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбара активла алахәра алнаршоит.  

Ари даҽазныкгьы иаанарԥшуеит ҳтәылаҟны апартиатә ргылара аҵак ду, ҷыдала апатриотизми ажәлар рымаҵ ауреи ирызку аидеиалқәа ирықәныҟәо аполитикатә мчқәа рзы.   

 

▫️ Абас иҟоу аиҿкаарақәа роуп иалзыршо адемократиа иаша арҿиареи аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи. 

 

▫️ Иахьа сара снапы аҵазҩит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы. 

 

▫️ «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ранашьоуп рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь Аԥсны Афырхацәа:  

 

▫️ Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥа

 

▫️ Аиба Гарик Григори-иԥа.  

 

▫️ Сусԥҟала «Ахьӡ-Аԥша» аорден ранашьоуп иара убас:

 

▫️ Леон иорден занашьоу Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа.

 

▫️ Аԥсны Афырхаҵа Тәанба Виктор Шьалуа-иԥа.

 

▫️ Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

 

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, аҭынчра, Ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара!»     

Read 5 times Last modified on Аԥшьаша, 16 Жьҭаара 2025 17:09