Print this page
Ахаша, 15 Жьҭаара 2025 15:32

Аԥсны Ахада шьаҭанкылатәи арҿыцратә усурақәа рышьҭахь Гәдоуҭатәи ашкол №4 аартра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын

Аусурақәа рымҩаԥгара алыршахеит Гәдоуҭа ақ. иалҵыз аишьцәа Гәазаа Алисаи, Дмитрии, Едгари хаҭалатәи раԥшьгареи рхарџьи рыла.  


 Ашкол аҟны аҵаразы ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп, аспорттә зыҟаҵарақәа рызгьы убрахь иналаҵаны, иара убас ашкол иаԥну аҵакырадгьылгьы еиҿкаауп.   


 «Иахьа аҵак ду змоу ахҭыс ҳалахәуп, уи иаҳнарбоит апатриотизм иаша, аԥсадгьыл абзиабара, атәылауаа рыхӡыӡаара закәу. 

 Ари аҿырԥштәы иахьа иаҳдырбоит аишьцәа Гәазаа — Алиас, Дмитри, Едгар. Урҭ иҟарҵаз аҵакы дуӡӡоуп, изҿыԥштәу усуп. 


 Ари ашкол зыхьӡ аху Оскар Гәазаа иеиԥш, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы ргәалшәара иҳаднаҵоит ҳтәыла аиҷаҳара, арҿиараҟны ацхыраара. 

Гәык-ԥсык ала аишьцәа Гәазаа иҭабуп ҳәа расҳәоит иҟарҵаз аус бзиазы.
 
 Иара убас сгәыӷуеит урҭ ҿырԥшыгас иҟалап ҳәа егьырҭ анаплакҩцәа рызгьы, атәылауаҩратә ҭакԥхықәреи апатриотизми рыӷәӷәара иацхрааны»
, — иҳәеит Ахада.

 Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп реиҳәеит ашкол арҵаҩратә коллектив изызҳауа абиԥара рааӡараҟны рааԥсаразы. 
 «Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит изызҳауа абиԥара рааӡараҟны шәааԥсаразы. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит! 
 Сганахьала,  агәра шәсыргоит аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵало ашколқәа, аҵара система зегьы адгылара рыҭаразы. Аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит!», 
— иҳәеит Гәынба Бадра.

 
Read 9 times