Print this page
Ахаша, 15 Жьҭаара 2025 15:07

Мҽхакыҭбаалатәи аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа ирыцҵаны имҩаԥысуеит

Азыҟаҵарақәа напхгара риҭоит Аԥсны  Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ  хада Гәынба Бадра.

Иахьатәи азыҟаҵарақәа хықәкы хадас ирымоуп шасыс игаз рхы рақәиҭтәрааан аконтртеррористтә операциаҟны амчратә усбарҭақәа ражәа еимаданы русеицура аиҿкаара.  Уи иалахәуп иҷыдоу Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Ахеилак архәҭақәа реиԥш, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра архәҭақәагьы.

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Гәынба Бадра, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа  ҳазҭагылоу аамҭазы  шасыс иргаз рхы рақәиҭтәразы аоперациа шымҩаԥысуаз иахәаԥшуан атехникатә хархәагақәа рыбзоурала.

Азыҟаҵарақәа раан архәҭақәа аус адырулеит ахыбрақәа рнапахьы аагаразы аплан, "атеррористцәа" ирымпыҵархалаз, анаҩс "ашасцәа" роужьразы.

Аҵарақәа напхгара анаҭон аоперативтә штаб, аштаб аиҳабы иажәахә анаҩс, Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иҟынтә иақәнагаз адҵа аниоу ашьҭахь, архәҭақәа зегьы рҳәаақәҵара далагеит.

 Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп арратә ҽазыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхреи Аԥсны амчратә еилазаарақәа рзеиԥш усура арҿыцреи атеррористтә цәырҵрақәа рҿагылара аҭагылазаашьаҟны.

Аоперациа анхыркәшаха анаҩс, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада амчратә еилазаарақәа рырхәҭақәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз азыҟаҵара бзиеи, русуреи рзы, иара убас иазгәеиҭеит рыпофессионализм аҩаӡара аҳаракра.

"Шәара шәыпрофессионализм, шәыԥсадгьыл азы ишәымоу аҭакԥхықәра ҳтәыла ашәарҭадара ахьчара иазхоуп", - иҳәеит Гәынба Бадра.

 
Read 10 times