Гәынба Бадра Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев ҭелла дидышшылеит Аԥсны иҟоу аладауаԥстәылатәи адипхаҭарнакра анапхгаҩы иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
«Олег Илиа-иԥа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсни Уаԥстәылеи дырпатриот дуун. Уи илшаз рацәоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызара арӷәӷәаразы.
Иуацәеи иҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩаҳшоит», — иҳәеит Аԥсны Ахада.