Ҟабарда Балҟариа Аԥснытәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реидгыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра амедал «Ахьӡ-Аԥша аԥсҭазаара аасҭа еиҳауп» иананашьеит.
Аҳамҭа иахьа аҳәынҭқарра Ахада инапы иаиркит Ҟабарда Балҟариа Аԥснытәи хатәгәаԥхаралатәи аибшьцәа реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахогоев.