Аусԥҟа инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп Анаԥшыҩцәа реилазаареи афорум Аиҿкааратә форуми.
Анаԥшыҩцәа реилазаара иалахәуп:
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба;
• Д. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба;
• Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа;
• Аԥсны Аҳәынтқарра Аԥыза-министр Владимир Делба;
• Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анпхгаҩы Беслан Ешба;
Афорум Аиҿкааратә хеилак хантәаҩыс дҟаҵоуп Владимир Делба.
Аиҿкааратә хеилак аилазаара иалахәуп:
• Аҟәа ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Агрба;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабы Инна Аџьынџьалԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр Кама Аӡынԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак алахәыла Линда Амԥарԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбаҭа агәманитартә политика Аусбарҭа аиҳабы Викториа Бебиаԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистр Хана Гәымԥҳа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Ҭаниа;
• Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Актәи апроректор Роман Дбар;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Маиа Цыбулевскаиа;
• Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны иаԥҵоу амассатә информациатә хархәагақәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа;
Аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра Реилазаара иадҵоуп афорум аиҿкаареи амҩаԥгареи финансла аиқәыршәара.