Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иазгәеиҭеит:
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Иахьа Гәдоуҭа имҩаԥысуеит аспорт аныҳәа ду ззырҳәо. Ҳара иааҳартуеит зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир, уи уажәшьҭа традициак иаҩызахеит. Гәахәара дууп, сынтәатәи ашықәс еицырдыруа ҳаспортсмен Рашь Ҳабыгә-иԥа Хәытаба иҩубилеи иахьадҳәалоу.
Ҳаҭыр зқәу Рашь Ҳабыгә-иԥа!
Шәара шәыспорттә мҩа, шәеихьӡарақәа, аспорт иахҭнышәҵо шәхы-шәыԥсы, даара ҳаҭырқәҵарала ҳазнеиуеит. Шәара аспортсменцәа ҿарацәа рзы шәҿырԥшыгоуп, рхы шәаҟарартәырц рҭахуп, шәара ишәымоу аихьӡара дуқәа даргьы риоура рҽазыршәоит.
Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны, ҳҿар иаԥсоу ақәҿиарақәа аадырԥшуеит. Аспорт аҿиара, ахәыҷқәа уи радыԥхьалара, абаҩырҵәыра аҽазыҟаҵара - абарҭқәа зегьы агәабзиара арӷәӷәареи ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥши рзы илагала дууп.
Атурнир аиҿкааҩцәагьы алахәцәа зегьы ари амш шәыдысныҳәалоит. Аспортсменцәа ишәзеиӷьасшьоит ахәмарра иаша, иаԥсоу аиааира. Рашь Хабыгә-иԥа, агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, ақәра рацәа!".
Иара убас, Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, еицырдыруа аԥсуа спортсмен, Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорттә қәԥаразы Афедерациа ахада, "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, 2012 ш. Олимпиатәи ахәмаррақәа рҟны аџьазтә ԥхьахә занашьахаз, адунеи хынтәны иачемпионхаз, Европа хынтә иачемпионхаз, Урыстәыла хәынтә иачемпионхаз Денис Царгәыш, Урыстәыла ақәԥара лас азы аҿар ркоманда азыҟаҵаҩ еиҳабыс дахьыҟарҵаз Аԥсназы акыр ишгәадуроу, уи шаҳаҭра шауа ақәԥаразы аспорт ашкол аҩаӡара ҳаракы иамоу.