Print this page
Ахәаша, 20 Абҵара 2026 14:25

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Москватәи Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл 80ш. ихыҵра идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ацқьаӡа!

 80 шықәса шәхыҵра аҳаҭыр азы ишәыдышәкыл гәык-ԥсык ала иҟасҵо адныҳәалара. 

Акыршықәса раахыс Аурыс Қьырсиандинхаҵара амаҵ аура шәыԥсҭазаара азышәкит, адоуҳатә беиарақәа хьчауа, агәыҳалалреи, арыцҳарашьареи, адинхаҵареи ҳаҭырқәҵарыла шәазнеиуа. 

Шәара шәдырра, шәԥышәа, хәы змам шәдоуҳатә беиара ақьырсиандинхаҵаҩцәа ламысцқьала ирымажәдоит, убри аан аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынхақәа рыхьчара шәеиҷаҳауа. Ас еиԥш аҟазшьа аҷыдарақәа, ҳазҭагылоу аамҭазы акырӡа аҵанакуеит. 

Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны аганахь ала иаашәырԥшуа азҿлымҳаразы, ҳажәларқәа еимаздо адоуҳатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара аус аҟны шәлагалазы. 

Аҵак ду змоу амш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, Ақьырсиандинхаҵара шықәсырацәала амаҵ аура!»

Read 11 times