Print this page
Ахәаша, 20 Абҵара 2026 12:56

Ахада Бадра Гәынба ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә усӡбараҭа аԥҵоижьҭеи 10 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, жәашықәса ирылагӡаны Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа знысыз аҭоурыхтә мҩа акыр ишыҭбаау, ҳтәыла ашьақәыргылара аусхк аҟны ахатә ҭыԥ шааннакыло.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Диана Едуард-иԥҳа!

Ҳаҭыр зқәу аӡбаҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә усӡбараҭа аԥҵоижьҭеи 10 шықәса аҵра. Ари аамҭа иалагӡаны иара анысит ашьақәгылара амҩа.

1994 шықәса рзы Аконституциа адкылара ала иаатит ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра адаҟьа ҿыц. 

Аконституциа иалнахит адемократиатә мҩа, аҳәынҭқарра амчрақәа реихшара азгәаҭаны. Азакуан хада инақәыршәаны зегь раԥхьа дгылоуп ауаҩы, уи изинқәеи ихақәиҭреи. Атәылауаҩ иконституциатә зинқәа рыхьчара ауп зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс иамоу Аконституциатә усӡбарҭа. 

Аҳәынҭқарра ӷәӷәа аиҿкаара залыршахом Аконституциеи  азакуанқәеи иахьрықәымныҟәо. Ауааԥсыра аҳәынҭқарра  агәрагара  рцәымӡырц азы ихадароу аиҿкаарақәа ируакыуп Аконституциатә усӡбарҭа. Иԥшьоу ари аус- аӡбаҩцәа лымкаала аҭакԥхықәра рыднаҵоит.  Жәашықәса рыҩныҵҟа ҳҳәынҭқарраҿ аҭыԥ змаз аполитикатә кризисқәа рыӡбараҿгьы иалнаршаз рацәоуп Аконституциатә усӡбарҭа. Агәра сгоит ари нахысгьы аҵак ду змоу ари аҳәынҭқарратә институт Аконституциа ахылаԥшреи ауаа рзинқәа рыхьчареи рус аҿы иалнаршо шырацәоу.

Ҳаҭыр зқәу аӡбаҩцәа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Аԥсадгьыли Аконституциеи рымаҵ аураҿы ақәҿиарақәа".

Аиԥылара ахыркәшамҭазы, Ахада Бадра Гәынба иҳәеит,   Аусԥҟа инапы шаҵаиҩыз "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаара аусзуҩ" ҳәа  аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,   Х.М. Бербеков ихьӡ зху  Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Ҭҳабисимова Лиудмила Аслан-иԥҳа. Аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи  Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи рыбжьара аҭҵаарадырра арӷәӷәареи зԥышәа ҳараку аҟазацәа разыҟаҵареи рус  аҟны ллагалазы.

Read 14 times Last modified on Ахәаша, 20 Абҵара 2026 13:00