Print this page
Аҩаша, 17 Абҵара 2026 16:45

Ԥхынҷкәынмза азбжазы Аԥсны имҩаԥысуеит асоциал-гәуманитартә форум

Иахьа Ахада Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилацәажәараҟны иазгәаҭан Аԥсны мҽхакы ҭбаала имҩаԥысраны иҟоу ауаажәларра-ҳәынҭқарратә проект аҽазыҟаҵаратә зҵаарақәа.

Аилацәажәара аусура рхы аладырхәит Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент Зураб  Џьапуа, Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагԥҳа, Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә институт адиректор Арда Ашәба. 

Аиԥылара аартуа, Ахада иазгәеиҭеит, иазгәаҭоу аусмҩаԥгатә аиҿкааратә усурақәа рнаҩс, аҭыԥ амазарц шахәҭоу Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш алацәажәара, ҳауаажәлар рыхьчара, еизҳауа абиԥарақәа аҭагылазаашьа бзиа рзаԥҵара уҳәа азҵаарақәа жәпакы. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, асистематә ҟазшьа зҭатәу азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу адемографиатә ҭагылазаашьа, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, асоциалтә инфраструктура аиӷьтәра, амилаҭтә культура ахьчара.

Ахада иажәақәа рыла, хаз игоу азҵаарақәа рыӡбара инаҷыданы, атәыла аҿиара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аԥҵатәуп. Аусқәа рцашьа ахәшьара аҭатәуп, иҟоу ауадаҩрақәа алкаатәуп, урҭ рыӡбашьа амеханизм шьақәыргылатәуп. 

Аилацәажәараҟны азҿлымҳара аҭан ауаажәларратә шәарҭадара азҵаара. Ахада иазгәеиҭеит, анаркоманиа, амҩатә-транспорттә машәырқәа ирыхҟьаны аҭыԥ шрымоу аԥсҭбарақәа, изакәанымкәа абџьар аныҟәгара, абарҭқәа зегьы ҳауаажәлар ашәарҭара иҭанаргылоит, зегь раԥхьа иргыланы аҿар. 

Ахада дырзааҭгылеит иӷәӷәоу асоциалтә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара ахырхарҭақәа, уаҟа иазгәаҭоуп амедицинатә усзуцәа, арҵаҩцәа, анџьнырцәа, иара убас аҟазацәа иахәҭоу ауалафахәы р́ызшәара, аҿар рпрофессионалтә ҩаӡара ашьҭыхра, аҭаацәарақәеи ахәыҷқәа риреи адгылара аҭара.

Иазԥхьагәаҭоу аусура хырхарҭа хадас иаиуеит Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳастратегиатә еимадара. Ахада иҳәеит, асоциалтә, аекономикатә хырхарҭақәа рҟны, ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рхархәара шхымԥадатәиу. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Аԥснытәи асоциал-гуманитартә форум, атәылаҟны иҟоу асоциал-гуманитартә ҭагылазаашьа обиективла ахәшьара аҭаразы ихадаратә ҭыԥны иҟалар шакәу, иара убас ауаажәларратә еиҿцәажәареи аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы аҵак ду шамоу. 

Аԥсны араионқәеи, ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, апрофессионалтә еилазаарақәа, аҿар, аексперттә еилазаарақәа ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәазароуп. 

Афорум алҵшәа, адекларациақәа рымацара акәымкәа, анагӡаҩцәа раԥшьгарақәеи рпроектқәеи ирышьагәыҭхароуп, аҿхәареи иахәҭоу ахархәагақәеи азгәаҭаны. 

Аилацәажәара алахәцәа ақәшаҳаҭхеит Аԥсны асоциал-гуманитартә форум амҩаԥгара. Иаҵшьны иазгәаҭан, афорум ишалнаршо комплексла азҵаарақәа рыӡбара азнеира, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭҵааратә, аексперттә еилазаарақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, апрофессионалтә еимадарақәа реидкылара.

Афорум аиҿкааратә хеилак напхгаҩыс дамоуп Аԥыза-министр Владимир Делба. 

Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, Ахада адҵа ҟаиҵеит аҽазыҟаҵаратә усурақәа ишахәҭоу еиԥш еиҿкаазарц.

Read 23 times