Print this page
Ахаша, 11 Абҵара 2026 16:45

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никарагуа Ацнапхгаҩы Даниель Ортега Иира амш идиныҳәалеит

"Ҳаҭыр зқәу Ортега ухацкы!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.

Шәара зыԥсҭазаара ажәлар рымаҵ ауреи Никарагуа аҳәынҭқарра арӷәӷәареи ирзызкыз иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩуп. Шықәсырацәалатәи шәполитикатә ԥышәеи шәтәыла аинтересқәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаареи аҳаҭырқәҵара иаԥсоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҵак ду амоуп Никарагуа Ареспубликеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Ҳара ҳтәылақәа рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа рышьақәыргылареи рырӷәӷәареи рҿы шәхатә лагала ахә ҳаракны иаҳшьоит, урҭ аԥхьаҟагьы рыҿиареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура амҽхак арҭбаареи ҳазхиоуп

Ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәҳәынҭқарратә усураҿы амчи ақәҿиарақәеи, Никарагуа ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».

Read 32 times Last modified on Ахаша, 11 Абҵара 2026 22:51