Ҷыдала, аганқәа азааҭгылеит афымцамч ахырхарҭа иадҳәалоу аусеицура, Аԥсны атәылауаҩ игәабзиарахьчара адгылара аҭара азҵаара, ақыҭанхамҩа аҿиара аус, аԥсуа наплакыҩцәа рзы азинҷыдатә кредеитқәа рыла реиқәыршәара, акурорттә нхамҩа аҿиара, аинфраструктуратә зҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Ԥсоу аӡиас аушьҭырҭатә пункт аиҭашьақәыргыларатә усура азҵаара.
Хазы зҿлымҳара аҭан Аԥснытәи ашколхәыҷкәа рзы Урыстәыла имҩаԥырго аицлабра "Аперемена ду" аҩыза Аԥсны аиҿкаара. Аицлабра аиҿкаара ӡбан Урыстәылатәи ахәыҷтәы центр "Орлионок" аҟны имҩаԥгаз Урыстәыла уи аицлабра "Аперемена ду" иалахәыз аԥсуа школхәыҷқәа иҟарҵаз аҳәарала.
Ас еиԥш аицлабразы абжьаратәи аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ашықәс нҵәаанӡа апрограмма аус адыруларц еиқәшаҳаҭхеит. Аиҵбыратәи ашколхәыҷқәа рзы аицлабра хацыркхоит иааиуа амчыбжь азы.
Аиааира згаз алшара рымоуп рҭаацәеи дареи Устиуг Ду Аҵаа Бабаду ирезеденциа аҭааразы мамзаргьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Кремльтәи аԥсаӡ ныҳәа аҽалархәразы абилеҭқәа риуразы.