Print this page
Ахаша, 04 Абҵара 2026 18:18

Ахада 2026 ш. ацитрустә ҽаҩра аекспорт азҵаарақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара аусура иалахәын аԥыза-мнистр Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба, Аҳәынҭқарраттә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы, АШӘА Аҳәаахьчаратә маҵзура аусбарҭа анапхгаҩы, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахаҭарнакцәа, афитосанитартә маҵзура, Аҳәынҭстандарт, иара убас егьырҭ аусбарҭақәеи амаҵзурақәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аиҿкаара иалахәу зегьы.

Аилацәажәара алагамҭазы аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит иеишьашәалоу амаҵзурақәа ацитрустә ҽаҩра аамҭазы русура аиҿкааразы, иазгәеиҭеит рҿаԥхьа иқәгылаз азҵаарақәа иахәҭоу аҩаӡара рыҭаны анагӡаразы.

Аилацәажәара алахәцәа Ахада адырра ирҭеит ацитрус аалыҵ аҭиразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ҷыдала, иазгәаҭан ҳазҭоу ашықәс ацитрустә ҽаҩра аамҭа аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ишеиҭаҵыз. Иахьазы ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы ҳахәаԥшуазар, афеихоа аҟалареи аҭиреи еиҳа заа ишымҩаԥысуа. Иеишьашәалоу амаҵзурақәа разгәаҭақәа рыла, мҽхакы ҭбаала ацитрусқәа реингалара хацыркхоит  абҵарамза аҽеиҩшамҭаз.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҳәааҟны амаҵзурақәа русурақәа зегьы реимадара шаҭаху.  Ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит адокументқәа реиқәыршәара аамҭа рацәа ақәмырӡра шаҭаху атәылауаа ақыҭанхамҩатә аалыҵ алазҵо сааҭла аҳәаа рахысреи аҳазалхратә зҵаарақәеи ирыдымхаларц азы.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит аҳазалхра иадҳәалоу атарифи иеиуеиԥшым аҳазеи рыцымҵаразы, уи ақыҭанхамҩатә аалыаазрыхуа афинанстә нырра рынамҭарц азы.

Аилацәжәара аихшьала ҟаҵо, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, ҵыԥхтәи аҽаҩра ҭагалара аамҭазы аусбарҭақәа зегьы русура шеиҿкааз, аҳәынҭқарра анапхгареи Аминистрцәа реилазаареи рҿаԥхьа иқәдыргылоз азҵаарақәа оперативла аӡбара ишазхиаз.

«Ҳарҭ еилаҳкаауазароуп, раԥхьа иргыланы ҳазлацәажәо анхацәа рааԥсара шакәу, ашықәс зегьы амандарин аазрыхуа рџьабаа ахәԥса аиура ишазыԥшу. Аӡәгьы азин имаӡам ақыҭанхамҩа аалыҵ аҭираҟны апынгылақәа раԥҵара», - иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ҳазҭоу ашықәс азы аусура ишалаго амандарин аус адызуло анаплакы. Уи ақыҭауаа аҭагылазаашьа рнаҭоит ахашәала аиуразы ицхыраагӡаны иҟало аиҭаусадуларазы идәықәҵахо зхаҭара ҽеим амандарин алаҵаразы. Убри аан иазгәеиҭеит анаплак ҿыц ацхыраара шаҭаху, избан акәзар аалыҵ аекспорт ахь идәықәҵахоит.

Ахада адырра ҟаиҵеит амандаринатә ӡыхаа алаҵаразы амҩа ҿыцқәа рыԥшаара ишашьҭоу, еиуеиԥшым ахәаахҭратә  каҭақәеи дареи русеицура алыршаразы аусра шымҩаԥысуа. Агәыӷра ааирԥшит ари аусура аалыҵ мҽхакы дула аҭира шалнаршо. Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит аҽаҩра аҭагалара алагамҭазы еишьашәалоу аусбарҭақәа зегьы рҽеимаданы русуразы, иара убас есымчыбжьа Ахада Иадминистрациеи Аминистрцәа Реилазаареи аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу азы есымчыбжьа адырра рырҭаларц.

«Иҟаҳҵо зегьы зегь  раԥхьа иргыланы анхацәа ринтересқәа рыхьчара иазкызароуп, иаадрыхуа аҽаҩра ԥынгылада алаҵаразы аҭагылазаашьа рзаԥҵазароуп», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Read 45 times Last modified on Ахәаша, 13 Абҵара 2026 11:18